Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амқәаб: Цхинвал аибашьра амшқәа иазкны иҭыхыз афильм алацәажәара сцәыуадаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаб
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ақырҭуа ар анақәлаз амш аҽны, Цхинвал аибашьра иазкны иҭыхыз адокументалтә фильм "Ночь длиною в жизнь" Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит иара автор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаб.
Гәырам Амқәаб идокументалтә фильм иазкны

"Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра амшқәа иазкны иҭыхыз афильм алацәажәара еснагь исцәыуадаҩуп. Избеит иҟаз, исаҳаит ирҳәоз. Ари аибашьра хашҭра амамзароуп", — иҳәеит Амқәаб.

2008 шықәса нанҳәа 7- 8 руха ақырҭуа ар Аахыҵ Уаԥстәыла аҵакыра иалалеит. Рқәылара хацдыркит Цхинвал аракетақәеи артиллериеи рыла алахысрала. Ареактивтә системақәа "Град" сааҭқәак инарзынаԥшуа еиԥымҟьарыда ақалақь иалахысуан. Нанҳәа 8 ашьыжь аҳаирпланқәа аҳауаҟынтә ақалақь ауааԥсыра ирылахысуа иалагеит, адгьыл аҟны атанкқәеи аршьаҟауааи рқәылара хацдыркит. Ақалақь аҩныҵҟа аибашьра ӷәӷәа цон.

Нанҳәа 8 амш аҩбатәи азыбжазы Аахыҵ Уаԥстәыла иалалеит Урыстәылатәи 58-тәи архәҭа. Нанҳәа 12 рзы ақырҭуа ар шьаҭанкыла Аахыҵ Уаԥстәыла иалцан.


Ажәабжьқәа зегьы
0