Кәпалба: Аахыҵ Уаԥстәыла ашьҭахь Қырҭтәыла Аԥсны агара агәҭакын

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКәыдрытәи аиҩхаа
Кәыдрытәи аиҩхаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2008 шықәса нанҳәа 7 рзы Аҟәа имҩаԥысит арратә хеилак аилатәара. Иараҟны ишьақәырӷәӷәан Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәра аплан

АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Ақырҭуа ар ҩымш-хымш рыҩныҵҟа Аахыҵ Уаԥстәыла анапахьы аагара рылшазҭгьы Аԥсынгьы хымԥада аибашьра иалагон иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Приднестровиа Аԥсны Ахаҭарнакс иҟоу Гарри Кәпалба.

"2006 шықәса инаркны Кәыдрытәи аиҩхаахь инаган 1500-ҩык инарзынаԥшуа ақырҭуа аруаа", — иҳәеит Кәпалба.

2008 шықәса нанҳәа 7 рзы Аҟәа имҩаԥысит арратә хеилак аилатәара. Иараҟны ишьақәырӷәӷәан Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәра аплан. Аплан иазыԥхьагәанаҭон ҩ-фазак: аибашьратәии аԥсихологиатәии.

"Аибашьратә фаза иазыԥхьагәанаҭон: ақырҭуа ган Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра иалагар ҳара ҳаргьы Кәыдрытәи аиҩхаахь инаагоит ҳәа. Ҳара иҳаман аӷа иганахьала адырра иашақәа, иаадыруан ҳар уахь инаагар аҭакс иҳаушаз", ҳәа еиҭеиҳәоит Кәпалба.

Атәылахьчара аминистр нанҳәа 7 рзы Ар ркомандаҟаҵаҩ хада адырра ииҭеит аԥсуа ар ирымоу амчқәа рзы.

Кәыпалба иажәақәа рыла, аминистр иҳәеит Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьра иалагар аԥсуа аргьы аоперациа амҩаԥгара иалагар шрылшоз, аха 3-4 мшы рнаҩс.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: ари амш хашҭра ақәым

"Избанзар, аибашьратә фаза адагьы аԥсихологиатә фаза аҭыԥ аман. Уи аамҭа аҭахын. Иахьа иуҳәар алшоит Атәылахьчара аминистр иӡбра иашан ҳәа. Уи аӡбра инақәыршәаны нанҳәа 12 рзы излагаз аоперациа қәҿиарала имҩаԥысит", — иҳәоит Кәпалба.

Уи адагьы заа аоперациа амҩаԥгара иалагазҭгьы иҭахоз рхыԥхьаӡара рацәахар алшон. Усҟантәи аамҭазы Кәыдрытәи аиҩхааҟны итәан 3500-ҩык рҟынӡа еиқәных иҟаз ақырҭуа ар.

Аиҩхаа ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь аҭыԥ аҟны иԥшаан ахсаалақәа. Урҭ рҟны иарбан хәҭа-хәҭала аԥсуа архәҭақәа ахьгылаз, иҟарҵашаз, ишыҟарҵашаз.

Кәыпалба иажәақәа рыла Аԥсны анапхгара изныкымкәа ООН адырра арҭахьан москватәи аиқәшаҳаҭра ашьҭахь Кәыдрытәи аиҩхааҟны ари абџьар рацәеи шыҟоу, аха уа иарбанызаалак зхьаԥшра арҭомызт ироуаз адыррақәа.

"ООН амиссиа уи апроблема рымбошәа ҟарҵон. Аҭынчреиҿкааратә мчрақәа ракәзар усҟантәи аамҭазы аиҩхаахь инеиртә еиԥш аҭагылазаашьа рымамызт. Ақырҭқәа ирымаз абџьар иалшон аиҩхааҟынтәи ишырҭахыз Аҟәа алахысра" — иҳәоит Кәпалба.

Аԥсуа ар имҩаԥыргаз аоперациа ашьҭахь аиҩхааҟны ирбеит хыԥхьаӡара рацәала абџьар, аџьаԥҳаны, ахы-ахәшә.

"Ҳара урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии ажурналистцәа уахь инаҳаԥхьеит, ақырҭуа ган аиқәшаҳаҭрақәа шеиларгоз дҳарбарц. Ҳәарада ақырҭуа ган Аԥсны анапахьы аагара мап ахаангьы иацәырымкыцызт" — иҳәоит Кәпалба.

Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәразы аоперациа иалагеит нанҳәа 12 рзы. Қәҿиаралагьы ихыркәшахеит. 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеит Аԥсны ахьыԥшымра.

Ажәабжьқәа зегьы
0