Атроллеибусқәа амаршрут "Аџьармыкьа-Алашарбага" нанҳәа 14 инаркны иныҟәалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАтроллеибусқәа амаршрут "Аџьармыкьа-Алашарбага" нанҳәа 14 инаркны иныҟәалоит
Атроллеибусқәа амаршрут Аџьармыкьа-Алашарбага нанҳәа 14 инаркны иныҟәалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2012 шықәса раахыс атроллеибусқәа амаршрут "Аџьармыкьа-Алашарбага" ала иныҟәомызт.

АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Атроллеибусқәа амаршрут "Аџьармыкьа-Алашарбага" ала 2012 шықәса раахыс иныҟәомызт. Нанҳәа 14 инаркны аныҟәара иалагоит, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь Атроллеибустә усбарҭа аиҳабы Иури Барганџьиа.

"Нанҳәа 14 асааҭ 11 инаркны Алашарбага араион ахь атроллеибус аныҟәара хацыркхоит. Уи амш аҽны троллеибуск ауп амҩа ианаҳҵо. Аҩбатәи амш инаркны аграфик инақәыршәаны аныҟәара иалагоит. Зынӡа хә-троллеибуск ныҟәалоит ажәаҩатәи ашкол инаркны Тхәыбынынӡа. Дара рныҟәара 26-26 минуҭ рыбжьалалоит. Актәи атроллеибус апарк иҭыҵуеит асааҭ 5:50, рзы, ажәаҩатәи ашкол аҟны анеира 6:33 сааҭ ирықәшәоит. Уахынла асааҭ жәба рҟынӡа атроллеибусқәа ныҟәалоит", — ҳәа еиҭеиҳәеит Барганџьиа.

Аусбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла атроллеибустә цәаҳәа еиҭашьақәыргылаӡам, зынӡаск ирҿыцуп. Аусбарҭа аусзуҩцәа ракәзар, аҵыхәтәантәи ахымз аус ду мҩаԥыргеит.

Иара иажәақәа рыла ари амаршрут аусура аанкылан абриаҟара аамҭа аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы атендер аҟны аиааира згаз афирма аусурақәа инагӡаны иахьымҩаԥнамгаз иахҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0