"Ты супер! Танцы" алахәыла Леон Қапба: ес-ҽны сҽазыҟасҵоит

Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik-и ателеканал НТВ-и рпроект "Ты супер! Танцы" хацыркхоит ҭагалан.

АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik-и ателеканал НТВ-и рпроект "Ты супер! Танцы" хацыркхоит ҭагалан. Апроект "Ты супер! Танцы" алахәыла Леон Қапба есҽны аус ициуеит акәашаразы арҵаҩы. Абри атәы Леон еиҭеиҳәеит радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

"Ҳара арепитициатә зал ҳамоуп. Уа ес-ҽны ҳҽазыҟаҳҵоит, нас аҭыхрақәа мҩаԥаагоит. Ахореографиаз сырҵаҩы Алексеи Арапов иҳәоит ибзианы укәашоит ҳәа", еиҭеиҳәоит Леон.

Леон иажәақәа рыла аамҭа анимоу иҩызцәа ҿыццәа дрыцыхәмаруеит, Москва ақалақь аҭыԥ ԥшӡаррақәа дырҭаан ибоит.

Аԥснынтәи апроект "Ты супер! Танцы" иалахәхоит 13-шықәса зхыҵуа Милена Тачулиаԥҳаи Леон Қапбеи.

Жәларбжьаратәи аконкурс Ты супер! Танцы алахәылацәа - Sputnik Аҧсны
"Ты супер! Танцы" Аԥснытәи алахәылацәа: қәҿиарала ҳшықәгыло шәақәҳаргәыӷуеит

Ателеканал НТВ-и, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, ателехәаԥшцәа иҟарҵаз аҳәарала иаздырхиоит апроект "Ты супер! Танцы". Апроект алахәылацәа ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.

Аконкурс алахәразы рымчқәа ԥыршәон 13 тәыла: Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Латвиа, Молдавиа, Таџьыкистан, Туркмениа, Узбекистан, Украина, Аԥсны рҟынтәи акәашаҩцәа.

Зегь иреиҵбу алахәыла быжь-шықәса лхыҵуеит, иреиҳабу – жәаа-шықәса. Апроект иалахәхо зегьы аҟыбаҩ ҷыда змоу хәыҷқәоуп.

"Ты супер! Танцы" – ари лшароуп ауаа рацәа урдырразы, адунеи зыхьӡ ахыҩхьоу ахореографцәа аус рыцуурцаз, аҩызцәа ҿыцқәа уоурц.

Иаарласны, 145-ҩык апроект алахәылацәа еизоит Москва, иалагоит аҽазыҟаҵаратә аамҭа. Ахаарԥшразы ахәыҷқәа ацхыраара рырҭоит апрофессионалтә хареографцәа, арҵаҩцәа.

Ателерадиоеилахәыра НТВ-и амаҵзура Sputnik-и, имҩаԥырго жәларбжьаратәи аконкурс еиднакылоит Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Балтиа атәылақәа рҟынтәи аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа, иагьырнаҭоит алшара аԥеиԥш лашазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0