Ҳаџьымба: хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ҳаибашьцәа рыгәқәа шьҭырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза 15 рзы Хатәгәаҧхарала иеибашьуаз рымш иазку амитинг аҿы дықәгылеит.Аҧсны Аҳәынқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба

ГӘДОУҬА, нанҳәа 15 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ҳаибашьцәа рыгәқәа шьҭырхит иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба нанҳәамза 15 рзы Хатәгәаҧхарала иеибашьуаз рымш иазку амитинг аҿы иқәгылараан.

Амшныҳәа азгәарҭон Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб ахьыҟаз ахыбра ааигәара игылоу абаҟа аҿаԥхьа.

хатә гәаԥхарала еибашьуаз - Sputnik Аҧсны
Аиааира хацеиҩызшаз: хатә гәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәарақәа

"Шәара иҟашәҵаз адгылара иабзоураны аҕа иаанкылара алыршахеит, Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рырхынҳәра, аиаша аиҭашьақәыргылара ҳалшеит. Аҧсны жәлар ацхыраара рырҭарц азы хатәгәаҧхарала иааз ҳашьцәа ҳаибашьцәа ргәы шьҭырхит, аиааира агаразы агәрагара рыларҵеит. Аибашьра ианалага аҩбатәи амш азы Сулҭан Сосналиев дызхагылаз агәыҧ хатәгәаҧхарала Аҧсны аҳәаа иахыҵны ҳаибашьцәа инарылагылеит.

Аҧсны жәлар ахаан ирхашҭраны иҟаӡам еиҳа ианшәарҭаз ацхырааразы ихыҵны иааз арҭ арҧарцәа рфырхаҵара, ргәымшәара. Урҭ рфырхаҵарақәа ртәы абиҧара ҿыцқәа рҟынӡа инаӡартә иҟаҳҵароуп. Гәык-ҧсыкала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аҵеицәа гәымшәақәа зааӡаз анацәеи абацәеи", — иҳәеит атәыла Ахада.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит аибашьра аҧхьатәи амшқәа инадыркны Сулҭан Сосналиев напхгара зиҭоз Аҩадатәи Кавказынтә, Урыстәылантә хатәгәаҧхарала иааны иҳадгылаз ҳашьцәа аибашьра ааилгаанӡа милаҭ рацәала иеилоу Аҧсны жәлар ирывагылан Ҳаҧсадгьыл ахақәиҭра ахьчаразы ишықәԥоз.

"Хатәгәаҧхарала иааны иеибашьуаз, агрессор иҿагыланы Аҧсны ахьчаразы игылаз рыҩныҵҟа шәҩыла Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп" — иҳәеит Ҳаџьымба.

Абри амш азы Аԥсныҟа иааиит аибашьра иалахәыз Чечниа, Ҟарачы-Черқьесск, Ҟабарда-Балкариа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Адыгатәыла рҟынтәи, аказақцәеи Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспореи рхаҭарнакцәа.

Кавказ ашьхаруа жәлар Рконфедерациа аиҳабы Муса Шанибов иазгәеиҭеит аԥсуа жәлар аибашьраан ирыҭаз адгылара аиашьаратә еизыҟазаашьақәеи аҭоурыхтә гәалашәареи шаҳаҭра азыруеит ҳәа.

Анзор Магамадов Аԥсныҟа раԥхьатәи амшқәа рзы иааз дреиуоуп.

"Сашьа аҩны днеины исеиҳәеит абыргцәа телехәаԥшрала иқәгылеит, Аԥсны аибашьра иалагеит рҳәеит. Аԥсуаа шә-нызқьҩык ыҟоуп, ақырҭцәа ф-миллионк инаӡоит рҳәеит. Сашьа иҳәеит Аԥсныҟа еибашьра сцоит ҳәа. Саргьы сцоит сҳәеит. Гәдоуҭаҟа ҳааиит. Иҳалшоз ҟаҳҵон. Аԥсуа жәлар усҟан аҭагылазаашьа уадаҩ рыман – иабџьардан, аибашьра аԥышәа рымамызт", — иҳәоит иара.

1992-1993 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2 000-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала еибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал ранашьоуп. Аибашьра цонаҵы иҭахеит 260-ҩык аибашьцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0