АҞӘА, нанҳәа 24— Sputnik. Судан иҟаз Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Миргаиас Ширински иԥсҭазаара далҵит ахашаҽны, Хартум ақалақь аҟны. Абри атәы аанацҳаит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.
"Гәалсра дула адырра ҟаҳҵоит Судан иҟаз Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Миргаиас Ширински иԥсҭазаара дшалҵыз азы. Ҳколлега иԥсҭазаара иалҵра иадҳәалоу еиҳа инарҭбаау аинформациа шааҳаулак адыррақәа ҟаҳҵоит", — ҳәа ҳарҳәеит аусбарҭаҟны.
Миргаиас Ширински диит 1954 шықәса рзы, 1977 шықәса рзы МГИМО далгоит, 1991–1993 шықәсқәа рзы Иемен иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ аус иуан, 1993 — 1996 шықәсқәа рзы Саудтәи Аравиаҿ Урыстәыла Аконсул хада ҳәа дыҟан.
2006–2013 шш. рзы Руанда Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩыс дыҟан, 2013шықәса раахыс Судан аус иуан.