Кьышьмариа: Приморск аԥжәарақәа раан аидырҭәаларатә усурақәа мҩаԥаагаӡомызт

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа
Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа далацәажәеит Приморск ақыҭан аҭыԥ змаз аԥжәарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраз аусурақәа шымҩаԥысуа атәы.

АҞӘА, нанҳәа 24– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Приморское ақыҭантәи арратә ҵәахырҭақәа рҟны аԥжәара аныҟалаз иарбанызаалак аидырҭәаларатә усурақәа ҳәа акгьы мҩаԥысуамызт, иҳәеит Мираб Кьышьмариа апресс-конференциаҟны.

"Ԥхынгәы 27 рзы снапы аҵазҩит адҵа аҵәахырҭақәа рхыбқәа ҭыԥ-ҭыԥла аремонт рызузарц. Адҵа анагӡара нап аркын нанҳәа 1 азы. Аусурақәа напхгара риҭон аподполковник Бабанов, аусурақәа мҩаԥыргон абџьари аџьаԥҳани рыҵәахразы аҟаза хада Соловиови аҵәахырҭа аиҳабы Џьамбул Смыри". — иҳәеит аминистр.

Нанҳәа амш актәи ахәҭазы аусурақәа мҩаԥысуан, нас урҭ аамҭала, хәҭақәак рыҟамзаара иахҟьаны иаанкылан.

"Аусурақәа нанҳәа 2 рзы иацырҵараны иҟан. Ахыб иақәыз ашифер рыԥсахуан. Ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа ирықәныҟәон. Ишырҳәо еиԥш аидырҭәаларатә усурақәа зынӡагьы имҩаԥыргомызт", — иҳәоит Кьышьмариа.

Аусурақәа мҩаԥысуан асааҭ 16:00 рҟынӡа.

"Асааҭ 16:30 рзы аԥжәара ҟалеит. Аусурақәа аанкылан. Актәи аԥжәара инашьҭарххны аҩбатәи аԥжәарагьы ҟалеит. Соловьев адҵа ҟаиҵеит уа иҟаз зегьы аҭыԥ иахыҵырц азы", — ҳәа еиҭеиҳәоит аминистр.

Аҵәахырҭаҟны ишьҭан авиабомбақәа, артиллериатә снариадқәа, анџьныртә хархәагақәа.

"Иҟалаз шыҟалаз аҭҵаара ҳаҿуп. Алкаақәа ҟаҳҵахьеит. Урҭ апрокуратурахь инаҳашьҭуеит", — иҳәоит Кьышьмариа.

Приморск ақыҭа иахьаҵанакуа арыцқьарақәа ирҿуп - Sputnik Аҧсны
Приморск ақыҭа иахьаҵанакуа арыцқьарақәа ирҿуп

Аминистр иажәақәа рыла иԥымжәаз аснариадқәа реиҳарак ықәыргахьеит, аусурақәа макьанагьы ишцац ицоит.

Мираб Кьышьмариа еиҭеиҳәеит аҵәахырҭақәа хԥа рҟынтәи ҩба аԥжәара ишархәашаз. Иаанхеит акы.

Иара ишиҳәо ала аԥжәара зыхҟьаз ашьақәырӷәӷәара апрокуратура иаусуп.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу абџьари аџьаԥҳани рыҵәахырҭақәа рҟны аԥжәара ҟалеит нанҳәа 2, асааҭ 16.30 рзы. Ҩыџьа ауаа ҭахеит, 60-ҩык инарзынаԥшуа еиуеиԥшым аахақәа роуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0