Ӡыхәа ашьхараҟны аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа аарԥшуп

© Фото : Тенгиз ТарбаӠыхәа ашьхараҟны аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа аарԥшуп
Ӡыхәа ашьхараҟны аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа аарԥшуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа радио Sputnik аинтервиу аҭо далацәажәеит Ӡыхәа ашьхараҟны имҩаԥгаз аекспедициа.

АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьха Ӡыхәа ашҟа имҩаԥгаз аекспедициақәа ҩба ԥшьба-ԥшьба мшы имҩаԥысуан. Урҭ раан иаарԥшын 240 рҟынӡа культуратә ҭынхатә аобиектқәа. Абри атәы Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит.

"Ари ахԥатәи адәнытә експедициоуп. Иара аҳәынҭқарратә ԥаразоужьра мҩаԥысуеит хышықәса рыҩныҵҟа. Ҳара ашьха Хьымса иахьаҵанакуа ҳаҟан, ҳаҟан ҩынтә Ӡыхәа ашьхеи ашьхахыҵырҭеи рыбжьара", — иҳәеит иара.

Иаабаз ируакуп ажәытә хьчаратә гыларҭақәа – аҵангәарақәа.

"Ҳара уажәы дара рыԥхьаӡара ҳаҿуп, рыҭҵаара ҳаҿуп: ишдыргылоз, хархәашьас ирымаз, аиқәҵарақәа шеидыршьыхлоз уҳәа. Аиҳарак дара нхарҭа ҭыԥқәоуп. Иара убасгьы ирацәоуп арахә рыҭрақәа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Кобахьиа.

Аекспедициа иалахәын Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" ҳәа азгәеиҭоит аминистр лхаҭыԥуаҩ.

"Сара Ҭенгьиз Ҭарба сиҿцәажәеит. Иҳаӡбит ҳамчқәа еидҵаны абри аус нап алаҳкырц", — иҳәеит иара.

© Фото : Тенгиз ТарбаБолее 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва - Sputnik Аҧсны
1/3
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва
© Фото : Батал Кобахия Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва - Sputnik Аҧсны
2/3
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва
© Фото : Тенгиз ТарбаБолее 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва - Sputnik Аҧсны
3/3
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва
1/3
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва
2/3
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва
3/3
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва

Баҭал Кобахьиа иҳәеит аекспедициа ишалахәыз асахьаҭыхыҩцәа Баҭал Џьапуеи Адгәыр Ӡиӡариеи.

"Асахьаҭыхыҩцәа ирбаз-ираҳаз нас рсахьақәа рҿы иҳазцәырыргозар акәхап. Ҳара аидеиагьы ҳазцәырҵхьеит: иҭаҳҵаауаз акомплексқәа руак амакет ҟаҳҵарц", — ҳәа далацәажәоит Кобахьиа.

Кобахьиа иазгәеиҭеит аҵангәарақәа аныргылаз аамҭа иашаҵәҟьаны ишышьақәыргыламгьы ҳера ҟалаанӡа V ашәышықәса инаркны XIX рҟынӡа бжьанакуазар алшоит ҳәа агәаанагара шыҟоу.

"Ииашоу арыцхә ашьақәыргыларазы археологиатә наукатә ҭҵаарақәа мҩаԥгатәуп. Уахьрыхәаԥшуа дара дара акыр еиԥшуп. Рыргыларҭа ҭыԥқәа ракәзаргьы убас. Иҟалап уи зыхҟьо арҭ аамҭақәа зегьы рзы аԥсабаратә ҭагылазаашьа еиҭакра дук иақәымшәазар, ауаагьы иара уи инадҳәаланы акәзар дара шдыргылоз", — иҳәоит Кобахьиа.

Иҟоуп ибгахьоу аҵангәарақәагьы. Кобахьиа иажәақәа рыла дара зырбгаз мшәқәоуп.

"Амшәқәа бзиа ирбоит ахаҳә дуқәа рҭыԥ иахыган урҭ рыҵаҿ ирфаша ҳәа крыҟазар аԥшаара", — иҳәеит иара.

Аҵангәарақәа дара ахьдыргыло аҭыԥ аҟны иҟоу ахаҳә, ашьхахаҳәқәа ирылырхуан. Убас Ӡыхәа ашьхараҟны иԥшаан ахаҳә иалхыз аԥечқьқәа.

"Арҭ аԥечқьқәа алҩацарҭа рымам. Ус анакәха дара ршырала ма акы рӡуан, ма акы дырҭәон". — иҳәеит иара.

Аҵангәарақәа ркомплекс аҟны иԥшаан аԥечқьқәа фба. Баҭал Кобахьиа иҳәеит ишазыԥхьагәаҭоу ауаҩы ижәытә гыларҭақәа ирызку ашәҟәы аҭыжьреи Аданга ашьхахь аекспедициа амҩаԥгареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0