Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи жә-шықәса ҵуеит

© AFP 2023 / STRАԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 26 рзы жә-шықәса ҵуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи. Аԥсны аиҳабыра рхаҭарнакцәеи, ажурналистцәеи, ари аҭоурыхтә мшы шыргәалашәои, рыԥсҭазаараҿы ҭыԥс ианнакылои атәы Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭарҳәеит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара — ари аԥсуа жәлар зегьы рџьабаа иалҵшәоуп", — ҳәа иҳәон Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь

Нанҳәа 26 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Жә-шықәса раԥхьа, нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеит. Уи азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит усҟантәи Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев.

"Ахьыԥшымра азҳаҵара амш ус баша иҟалаз акы акәым, уи аԥхьа ирацәаны аполитикатә хҭысқәа ыҟан. Егьа ауадаҩрақәа ҳхаҳгазаргьы азакәантә мҩа ҳанын ҳара еснагь, ахьыԥшымра иҳахәҭаны иҳауит. Усҟантәи аамҭаз иҳадаҳкылоз еиуеиԥшым адокументқәа зегьы аӡәгьы ииҭахым ҳәа ҳгәы иаанагон, аха ианаҭахха дара акырӡа иҳацхрааит. Азхаҵара апроцесс наҟ-наҟ ацҵаразы аусурақәа аанкылоуп, аха аҳәынҭқааррақәа ҳаицызхарҵаразы алшарақәа ҳамоуп. Ҳара ҳдипломатиа иалшаз рацәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Жәлар рдепутатс иҟаз Сергеи Шамба.

Жә-шықәса аҵра ари аиубилеитә рыцхәӡам, ҳәа иҳәоит Виачеслав Чрыгба, ари аамҭахәҭа иалагӡаны Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсни рыбжьара акыр зҵазкуа хра злоу аизыҟазаашьақәа шьақәгылеит.

"Ари арыцхә даара аҵакы ду амоуп. Уи, жәаҳәарада аҭоурых ианхалоит. Избан акәзар, аӡәырҩы рзы ҟалашьа змамыз, аҧсуаа биҧарацыҧхьаӡа изхьаауаз, аҧсҭазаараҿы анаӡара алыршахеит", — ҳәа ациҵеит Чрыгба.

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амши Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан аԥсуа жәлар иааныркылаз Аиааира амши илнаҭаз ацәаныррақәа еидылкалоит, урҭ иреиҳау мшы ыҟаӡам, ҳәа азгәалҭоит лара. Аибашьра ашықәсқәа рышьҭахь аԥсҭазаара уадаҩын аҟынтә, аԥсуа жәлар агәрагара рымамызт азхаҵара ҟалоит ҳәа.

Студеникин: Аԥсны аинтересқәа иныҭкааны иҳәаақәнаҵароуп . - Sputnik Аҧсны
Студеникин: Аԥсны аинтересқәа иныҭкааны иҳәаақәнаҵароуп

"Аԥсны ахьыԥшымра амш иадыскылоит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан аиааира анаҳгаз амш. Арҭ аҩ-мшык иреиҳау сара сзы арыцхә зыҟалаӡом. Аибашьраҿы аиааира анаҳга ажәҩан аҟынӡа ҳзымнеит акәымзар убас ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт. Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иҟаиҵаз азхаҵарахьы ашьаҿа, ари аӡәы-ҩыџьа ирыбзоуроуп ҳәа ахаангьы ҳәашьа амам. Ари акыр шәышықәса ҳажәлар еицықәԥаны еицеизааргаз ауп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ари аус ԥшьа анагӡаразы аӡәырҩы рхы ақәырҵеит, рыԥсҭазаарақәа азыркит, аӡәырҩы рҵара, рдырра, рыхшыҩ, адырҳәалеит. Ари аус аҿы иалкааны рыхьӡ ҳәатәуп ҩыџьа апызацәа, Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи. Дара рҩыџьегьы ҳ- Аԥсны хаз ҳәынҭқарраны иҟаларц азы Анцәа ду иаҳзишаз роуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Владислав Григори-иԥа иҟаиҵаз ашьаҿақәа ирыциҵеит Сергеи Уасил-иԥагьы, дара иҟарҵаз аус ду иахылҿиааит Аԥсны аҳәынҭқарра азхаҵара амш", — ҳәа лҳәеит Екатерина Бебиаԥҳа.

Бебиаԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит, нанҳәамза 26 амш ахааназ ишылхамышҭуа.

"Уи аҽны ахаан исхашҭуам, Ахақәиҭра ашҭаҟны иҟаз агәырӷьара. Ажәлар рыччабыжь, рышәаҳәабжьы ашҭа ҭнарцәажәаауан. Сергеи Баӷаԥшьи, усҟан Аԥсны анапхгараҿы иҟаз зегьы ашҭа ианаақәла ажәлар зегьы еицҿакны аҿыҭра иалагеит "Багаԥшь" ҳәа. Ажәлар реицгәырӷьабжьы ахааназ ԥсыуак ихашҭып ҳәа сгәы иаанагом. Ҳара ҭаӡәыкны ҳаныҟала иҵегь аҳәынҭқаррақәа ҳаицызхарҵоит",- ҳәа лыԥхьаӡоит ажурналист.

Ҳаԥсадгьыл азхаҵара амш Аԥсны зегь шазыԥшыз еиԥш саргьы сазԥшын, иҳәоит Бадраҟ Аҩӡба, уи аамҭа ааиуеит ҳәа еснагь агәыӷра иман. 

 "Нанҳәа 26 аԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа рышьҭахь азхаҵара шҳауаз ала лымҳаҭасқәак ҟалахьан, аха инҭкааны аӡәгьы изҳәомызт ианыкәу. Нанҳәа 26 мышқәак шагыз Аԥсны зегьы иаарылаҩит Аԥсны азхаҵара шаиуа. Сара ахаан исхашҭуам ауниверситет афилологиатә факультет адекан икабинет аҟны Дмитри Медведев иқәҵара дшаԥхьоз зегьы ҳаизаны ҳаназыӡырҩуаз. Ҳәарас иаҭахузеи ари гәырӷьаран зегь ҳзы, ҳазегь ҳгәыдибакылон ҳаидныҳәалон, аҵәцақәа шьҭаҳхуан. Зегьы иргәалашәон ари амш аагара зыбзоуроу аибашьраҿы иҭахаз ҳашьцәа. Иахьа аа-шықәса ҵуеит уи амш аахыижьҭеи, сгәаанагарала ҳара иҵегь ҳаиҷаҳауазар ауп иҳамоу ахьыԥшымреи азхаҵареи, ҳҳәынҭқарра иҵегь ирызхьаԥшуазар ауп зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу ауаа. Ихьыԥшым, иазхаҵоу аҳәынҭқарра иқәынхо ауаажәлар иахьынӡахәҭоу иахылаԥшуазар ахәҭоуп. Зегьы ирыдысныҳәалоит ари амш, агәра згоит ҳҳәынҭқарразы иреиӷьу аамҭақәа ԥхьаҟа ишьҭоуп ҳәа", — ҳәа игәалашәарақәа дырзаазҭгылт Бадраҟ Аҩӡба.

Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәса алҵшәақәа рыла иаагаз ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа 2008 шықәса нанаҳәа 26 рзы ианазханаҵа инаркны иалагеит ахьыԥшмыра Жәларбжьаратәи азхаҵара. 

Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалоу ф-ҳәынҭқаррак – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу.


Ажәабжьқәа зегьы
0