Илона Цәеиԥҳа: саб хабарда дыбжьаӡит марттәи ажәылараан

© Sputnik / Томас ТхайцукИлона Цвейба
Илона Цвейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 30 хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иамшуп Аԥсны. 25 шықәса раԥхьа Аџьынџьтәылатә еибашьра аан ибжьаӡыз рхыԥхьаӡара 140-ҩы рҟынӡа инаӡоит.

АҞӘА, 30 нанҳәа — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Леон иорден занашьаз 35-шықәса зхыҵуаз Руслан Цәеиба хабарда дыбжьаӡит марттәи ажәылараан. Абри атәы еиҭалҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны иԥҳа Илона Цәеиԥҳа.

Илона Цәеиԥҳа Sputnik иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Уа ицыз аҷкәынцәа еиҭарҳәоит, ишырбаз, аӡы дшыиасыз. Занҭариа ҷкәынак дицын, қәрала акыр диеиҵбын. Убри ак ихьыр ҳәа дшәаны диман дықәын. Уи ашьҭахь уаҳа аӡәгьы ихабар имбаӡеит", — лҳәеит Илона. 

Руслан Цәеиба аибашьра аԥхьатәи амш инаркны деибашьуан, иԥҳа излеиҭалҳәо ала, ишәақь иманы дцеит еибашьра. 

"Исгәалашәоит апозициақәа рҟынтәи данаауаз. Аҩны дахьынӡаҟаз еиҭеиҳәон абџьар шәмаҷу. Ари заҳаз сашьа хәыҷы аҩны аҩбатәи аихагыла дхалан, ирҳәазаны ашәақь ааигеит, имаҷзар абџьар, абар иҟами ҳәа. Аибашьра иаразнак ҳара зегьы ҳхәыҷра ҳалнахит, ҳхәыцшьагьы даҽакхеит", — азгәалҭоит аибашьҩы иԥҳа. 

Леон иорден занашьоу Руслан Цәеиба деибашьуан Гәдоуҭа дахьынхоз аҭыԥ еидызкылоз агәыԥ "Замостианка" аҿы.

"Ҳаб арациа икын, ихьанҭан иара даара. Иҩызцәа излаҳзеиҭарҳәоз марттәи ажәылараан аӡы ианиасуаз ибааӡеит арациа. Зегьы иарҳәеит икажь, иааныжь, аха имуит, ишԥакасыжьуеи, хәыҷык ибар аус асыруеит ҳәа, убри арациа иманы дықәын ҳәа рҳәоит", — еиҭалҳәеит Илона Цәеиԥҳа.  

Илона лажәақәа рыла, аибашьра анеилга ашьҭахь ареспубликатә ахәышәтәырҭа унаӡаанӡа ирԥшааз аҵеицәа ахьжыз дрылаӡамызт. 

"Ҳангьы дылбааны аӡәаӡәала игәалҭеит, саб иашьцәагьы ҩынтә-хынтә иԥшааит, аха уа дрымбаӡеит. Аҽны еицқәаз рҟынтәи ирыԥшааз рацәаҩуп уа", — лҳәеит лара. 

Нанҳәа 30 хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иамшуп Аԥсны. 25 шықәса раԥхьа Аџьынџьтәылатә еибашьра аан ибжьаӡыз рхыԥхьаӡара 140-ҩы рҟынӡа инаӡоит. 


Ажәабжьқәа зегьы
0