00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Урыстәылеи Азербаиџьани рдоуҳатә ԥхьагылаҩцәа Ҟарабах азҵаара иалацәажәоит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва, цәыббра 8 рзы имҩаԥысраны иҟоуп х-ганктәи аиԥылара. Ермантәылеи, Урыстәылеи, Азербаиџьани рдоуҳатә ԥхьагылаҩцәа Ҟарабах азҵаара иалацәажәоит.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Адунеи аерманцәа зегьы ркаталикос Гарегин II, Кавказ аԥсылманцәа Русбарҭа ахантәаҩы Аллахшукиур Паша-заде еиԥылараны иҟоуп Москва, цәыббра 8 рзы. Аиԥылара далахәуп Москвеи Урыстәыла зегьи рпатриарх Кирилл.

Апатриарх ипресс-маӡаныҟәгаҩ Александр Волков иажәақәа рыла аиԥылара Урыстәылеи Аахыҵ Кавкази рдоуҳатә ԥхьагылаҩцәа рҭынчеиҿкааратә усура иацнаҵоит.

"Адунеи аерманцәа зегьы ркаталикос Гарегин II, Кавказ аԥсылманцәа Русбарҭа ахантәаҩы Аллахшукиур Паша-заде еиԥылараны иҟоуп Москва, цәыббра 8 рзы. Аиԥылара далахәуп Москвеи Урыстәыла зегьи рпатриарх Кирилл. Адоуҳа амаҵзуҩцәа рҽазышәарақәа арегион зегьы иахьаҵанакуа аҭыԥчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара иацхраауеит", — иҳәеит Волков.

Уажәтәи аиԥылара хыԥхьаӡарала ифбатәиуп. Асеиԥш иҟаз аҵыхәтәантәи аиԥылара мҩаԥысит 2011 шықәса, абҵарамзазы.

Шеих-уль-ислам Аллахшукиур Пашазаде усҟан, асовет аамҭақәа рышьҭахь раԥхьаӡа акәны Ереван ақалақь даҭааит ИАР атәылақәа Рдинбжьаратә хеилак аилатәара иҽалаирхәырц.

Аиԥылара аихшьаалақәа рыла аимак ҭынчмҩала аҭыԥ иқәҵатәуп ҳәа аӡбра шьҭыхын.

Ажәабжьқәа зегьы
0