АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аполлон Гәргәлиа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аиҳабыс дҟаҵоуп. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Русҭам Занҭариа.
"Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа инапы аҵеиҩит Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгаҩ ҿыц иаҭаразы Адҵа", — иҳәеит Занҭариа.
Аполлон Гәргәлиа — Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент V ааԥхьара адепутат.
1995 — 1999 рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр.