"Асабша ашьыбжьышьҭахь" ала Ҭҟәарчалтәи атеатр асезон ҿыц аанартит

© Fotolia / Alon HarelЗрительные ряды
Зрительные ряды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кыргызтәи адраматург Мар Баиџьиев ипиеса иалху аспектакль ала Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр асезон ҿыц аанартыит цәыббра 8.

АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Анжелика Бениа. Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр аҟны Кьыргьызтәи адраматург Мар Баиџьиев ипиеса иалху аспектакль "Асабша ашьыбжьышьҭахь" ала атеатралтә сезон ҿыц аадыртит.

Сырбеи Сангәлиа Sputnik Аԥсны арадио еиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Еицырдыруа Кыргызтәи адраматург ипиеса иахьа даара азҿлымҳара амоуп, иара иаҵоу атематикеи аԥсихологиеи еснагь актуалра рымазаауеит, иҳәеит аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩ Сырбеи Сангәлиа.

Раԥхьаӡа акәны "Асабша ашьыбжьышьҭахь " Ҭҟәарчал иқәыргылан хәажәкыра 20 2015 шықәсазы. Усҟан ашәҟәыҩҩы Мар Баиџьиев иара иҩымҭаҟны иааирԥшыз аиумор егьырҭ ажәларқәагьы еилыркаауа иахьыҟоу ҳамҭа дук акәны ишидикыло атәы гәахәарала иазгәеиҭеит.

"Уара утәылаҿы иҟоу апублика адагьы атәым хәаԥшҩы дузырччазар, ус анакәха аԥҵамҭа ахә амоуп ҳәоуп иаанаго. Шьҭарнахыс сыԥсҭазаара баша имҩамсит сҳәар сылшоит", — иҳәеит Баиџьиев.

Сырбеи Сангәлиа иаҳзеиҭеиҳәеит Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр асезон ҿыц аҟны ахәаԥшыҩцәа ирыдыргало аспектакльқәа.

"Иаҳгәиҭоуп Шәарах Ԥачалиа иҩымҭа иалхны аспектакль ықәҳаргыларц. Макьана ахьыӡ ҳҳәар ҳҭахӡам. Уи анаҩс, ахәыҷқәа ирызку аԥсуа пиеса ықәҳаргылоит. Иара убас, ҳрепертуар аҟны иҟоу аспектакльқәа есхәаша иқәҳаргылалоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп: Валери Касланӡиа ипиеса "Аилага", Роман Сабуа ипиеса "Ауаҩи аџьныши", иара убас "Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам", "Ахьы Жәабран" уҳәа иҳамоуп егьырҭ аспектакльқәагьы. Аҭыԥаҟынгьы, анҭыҵгьы инеиԥынкыланы ахәаԥшыҩцәа идҳарбалоит",– иҳәеит Сангәлиа.

Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акамедиатә театр аартын 1955 шықәсазы. Раԥхьатәи апремиера ықәыргылан аԥсуа актиор ду, арежиссиор, адраматург Шәарах Ԥачалиа иаԥҵамҭа "Ачара ду" ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0