Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷанба афестиваль "Ауарӷантә хәылԥызқәа" иазкны: иуникалтәу концертқәоуп

© Sputnik Зафас ГамгияНодар Чанба
Нодар Чанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 12 инаркны 17-нӡа Пицунда аконцертә зал аҟны имҩаԥысуеит ахәбатәи Жәларбажьаратәи афестиваль "Ауарӷантә хәылԥызқәа". Аконцертә программа зеиԥшрахо атәы Sputnik арадиостудиаҿы дазааҭгылеит Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аиҳабы Нодар Ҷанба.
Нодар Ҷанба Пицунда имҩаԥысраны иҟоу аконцерт иазкны

"Пицунда имҩаԥысуа аконцертқәа зегьы ахәаԥшцәа ирбар ираҳар сҭахуп. Ари афестиваль «Ауарӷантә хәылԥызқәа» аиашазы —  иуникалтәу фестивальуп. Избан акәзар, еиуеиԥшым аҳәынҭкаррақәа рҟынтәи артистцәа рҽаладырхәоит. Иахьатәи ҳаамҭазы ари афакт Аԥснызы иаҵанакуа рацәоуп", —  иҳәеит Ҷанба. 

Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аиҳабы Нодар Ҷанба иҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир ала, асааҭ 18:00 рзы.


Ажәабжьқәа зегьы
0