Аполлон Шьынқәба: ҳџьынџьуаа рзы аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа уадаҩуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаАполлон Шинкуба
Аполлон Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаа рбызшәа аҭагылазаашьа зеиԥшрои, еиқәханы иабанӡаҟоу, абарҭқәа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит Аԥсны абыргцәа реилазаара аиҳабы Аполлон Шьынқәба Ҭырқәтәыла иҟазаара ашьҭахь.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Шәара ааигәа Ҭырқәтәыла шәыҟан, уахь ацара шԥаԥшьыжәгеи?

— Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа исиҭаз ааԥхьарала, алшара соуит раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәылаҟа ацара, уа инхо ҳауаажәлар рылаԥшра, рыҿцәажәара. Лабҿаба иубо даара акырӡа аҵанакуеит. Зегь раԥхьа иргыланы даара сгәы иахәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рыбзазаратә ҭыԥқәа, Аԥсны еиԥшу аԥсабара рацәоуп. Уаҟа анхара рылдыршеит дара.

- Абызшәа амч ӷәӷәоуп, уи иаҵанакуа акырӡа ирацәоуп. Ҳџьынџьуаа рбызшәа аҭагылазаашьа зеиԥшрои, еиқәханы иабанӡаҟоу?

— Сара сгәы иаанагон иҵегьы абызшәа хьысҳахоит ҳәа. Миллионла иҟоу ажәлар иахьрылоу, нас хьаҳәа-ԥаҳәак амамкәа иҟаӡам, аха зегь реиҳа иџьасшьо акоуп- абызшәа мырӡкәа аԥсы ҭаҵаны иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иааргеит, еиҳарак аиҳабыратә абиԥара. Иахьа, Аԥсны аҳәынҭқарра иамоу алшарақәа даҽакуп уаанӡа аҵкыс. Акыр шықәса раԥхьа зыԥсадгьыл ахь уарлашәарла иаауаз, ҳшәаԥырҳаԥуа ҳзыдгылоз ҳџьынџьуаа, ҳазҭагылоу аамҭазы, дареи ҳареи иҳабжьаз амҩақәа аатит, ҳаиҭанаиааира ԥықәслара амамкәа иҟоуп, убри ахархәара аҭахуп.

Аза Шамԥҳа лҵаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Аза Шамԥҳа: абызшәа адырра ҳџьынџьуаа Аԥсадгьыл агәыбылра днаркуеит, иаднаԥхьалоит

- Ишԥа?

— Аамҭа еснагь еиԥшӡам. Иҟалоит ианеиӷьхо, иҟалоит ианеицәахо. Анцәа иҳаҭәеишьаз аамҭа, ҳҳәынҭқарра амч, ҳҳәынҭқарра аҭагылазаашьа ҳхы иаҳархәароуп. Ихымԥадатәиу зҵааракәоуп ҳџьынџьуаа рбызшәа аиқәырхара, рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра, аихӡыӡаара, аилибакаара.

- Аиԥыларақәа шәызлахәыз рҿы еиҳа иҵару зҵаарақәаны иқәдыргылоз?

— Ҳара быжьба ааба қалақь рҟны ҳнеит, есҽны иҿыцыз аудиториа ҳԥылон. Жәамш инарзынаԥшуа ҳаҟан. Еицҿакны излацәажәоз абызшәа аиқәырхара акәын. Ахатәы бызшәа ззымдыркәа арахь иаауа, хымԥада ирцәыуадаҩхоит ашьцылара, рыԥсадгьыл аҿы итәымуааушәа иҟанаҵоит. Уи сара схаҭа иснырит Ҭырқәтәыла сахьыҟаз. Еснагь аԥсшәа зҳәоз ҳрацәажәозма, иззымдыруази сареи ҳанеиқәшәалак, бызшәала ҳанзеилибамкаауаз, аԥынгыла ҳнаҭон. Абызшәа амч рнырыртә иҟаҳҵароуп Ҭырқәтәыла изызҳауа аҿар. Убри цҳас иҟалароуп, Аԥсныҟа амҩа аагазароуп. Аԥсуа дахьынхозаалакгьы ари аҭакԥхықәра идуп. Аԥсадгьыл иара абызшәа амоуп, аҵас, ақаьабз амоуп. Збызшәа ззымдыркәа зыԥсадгьыл аҿы иҟоу дтәымуаҩны дҟалоит, дархароит. Ажәак-ҩажәак идыруазар, дхарҭәааны дҟанаҵоит.

- Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы ирхәыцшьои?

— Аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа уадаҩуп. Ииашоуп, иаарц, инхарц ҳҭахуп, аха иацу, иӡбатәу азҵаарақәа рацәоуп. Аара зҭаху рацәаҩуп, Аԥсны атәылауаҩшәҟәы аиура зҭаху рацәаҩуп. Дара малла акы иаҳәо иҟаӡам, инхоит-инҵуеит. Аха, ҳара ҳазхәыцроуп даҽакы. Ауаҩы, "уанду, уабду Аԥснытәуп" — рҳәеит, аха иара ԥсадгьылс иибаз, культурас иибаз, аҳәынҭқарра дзааӡаз иаԥырҵра цәгьахоит. Аҿар реиҳараҩык ақалақьқәа рахь иҟоуп. Аҭырқәа икультура иаҵамгылар ҟалаӡом уи аҳәынҭқарраҿы. Зегьы амаҵзурақәа рымоуп, аус руеит. Аиҳабацәа, аӡын ақыҭақәа ааныжьны ақалақьқәа рахь ицоит, нас ааԥынра ҩаԥхьа ихынҳәуеит. Абарҭ рабиԥара ыҟанаҵы ауп, ааԥыни аӡыни анеиҭанаиааиуа Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо. Уи иаанаго уи ауп, ақалақь акультура инахәлабга ицоит. Убра иаанҵәар алшоит ахдырра, уи абжьара иҟоу рҿы. Мраҭашәара¸ мрагылара ҳакәшеит. Ақалақьқәа дара-дара еиԥшӡам. Сҭампыл акыр уаналслак еиҳа ицәҳәыроуп, нас ҟәароуп, нас ԥслымӡроуп. Аха, уахьцо, улаԥш ахьурхалакгьы аҩнеихагылақәа рыргылара иаҿуп. Уи иаанагои? Сара сгәаанагарала, ақыҭақәа рҟны ахатәы ҩнқәа змоу зегьы, аҩнеихагылақәа ицаны иҩналоит. Азеиԥшынхарҭаҿы иҟоу ркультура даҽакхоит. Ахәышҭаараҟны иҟаз хьысҳахо иалагоит. Иҭахы иҭахым уи ихы анирнаалароуп. Убригьы фактор ӷәӷәаны иҟоуп.

- Аԥхьаҟа мҩақәас ижәбои ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аус аҟны?

— Ҳзызхәыцша акыр ирацәоуп. Иахьа, Аԥсадгьыл ахь архынҳәра иазкны аҳәынҭқарратә еилакы аус ауеит. Уи амацара азхаӡом. Иаҳҳәозар, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахықәкы хадақәа ируакуп арепатриациа азҵаара. Уи агәахәара унаҭоит, хымԥада. Убас еиԥш афондқәа ҳамазароуп аԥсуаа ахьынхозаалакгьы. Саԥсыуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо долларк иадамзаргьы илагала ҟаиҵар, ҳаԥсуара аиқәырхаразы ицхыраагӡа дууп, аус ауеит. Аԥсны амҵәыжәҩақәа ҭбааны еиҵнамхӡац, алшара дуӡӡа амаӡам аха, ҳаԥсыртәгьы ҳаҟаӡам, уажәы еиӷьны ҳнымхаӡац аԥсуаа. Аҳәынҭқарра инаҷыданы, зегьы ҩнапыкала ҳазнеип ари аус, досу иҳалшо ҟаҳҵап.

Ажәабжьқәа зегьы
0