Аҟәа ақалақь атроллеибусқәа раанкылара зыхҟьо атоллеибус ахьныҟәо ацәаҳәа инақәыршәаны, метраки-бжаки рҟынӡа иҵауланы ижны аӡы мҩанызго атрубақәа ыҵарҵараны иахьыҟоу ауп. Аӡымҩангагақәа рыҵаҵара атроллеибусқәа рныҟәара аанымкылакәа аҟаҵаразы аҽазышәара ыҟан, аха қәҿиара аимуит. Атроллеибусқәа Аҟәа рныҟәара х-хырхарҭак амоуп, Аҳабла ҿыци – аџьармыкьеи, Маиаки – Ҭҳәыбыни, Ажәытә ҳаблеи – аџьармыкьеи. Абарҭ ах-хырхарҭакгьы имҩаԥысуа аусурақәа ирхырҟьаны атроллеибусқәа аанкылоуп.

1/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Аҟәатәи атроллеибустә парк аҟны иҟоуп 25 троллеибус.

2/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Аҟәа ақалақь атроллеибусқәа раанкылара зыхҟьо атоллеибус ахьныҟәо ацәаҳәа инақәыршәаны, метраки-бжаки рҟынӡа иҵауланы ижны аӡы мҩанызго атрубақәа ыҵарҵараны иахьыҟоу ауп

3/10
© Sputnik Илона Хварцкия
Аҟәатәи атроллеибустә парк аусзуҩцәа изаамҭанытәим аԥсшьарахь ирышьҭит.

4/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
25 троллеибус рҟынтә 19 роуп аус зуа.

5/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Апарк аусзуҩцәа агәынамӡара аадырԥшуеит аԥсшьара иахьырышьҭыз иахҟьаны.

6/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Аӡымҩангагақәа рыҵаҵара атроллеибусқәа рныҟәара аанымкылакәа аҟаҵаразы аҽазышәара ыҟан, аха қәҿиара аимуит.

7/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Имҩаԥысуа аусурақәеи атроллеибусқәа рныҟәареи еинаалом иауам ҳәа алкаа ҟаҵан.

8/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Атроллеибус арныҟәҵаҩцәа аԥсшьара иахьынӡаҟоу рмашьынақәа иагоу-иабзоу еилдыргоит.

9/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Атроллеибусқәа Аҟәа рныҟәара х-хырхарҭак амоуп, Аҳабла ҿыци – аџьармыкьеи, Маиаки – Ҭҳәыбыни, Ажәытә ҳаблеи – аџьармыкьеи.

10/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Ах-хырхарҭакгьы имҩаԥысуа аусурақәа ирхырҟьаны атроллеибусқәа аанкылоуп.