АҞӘА, цәыббра 13— Sputnik. Израиль аҳәамҭа ҟанаҵеит акурдцәа рхатә ҳәынҭқарра рымазаара азакәантә шьаҭа амоуп ҳәа Ирактәи Курдистан аҟны ареферендум аиура аламҭалазы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аԥыза-министр Биниамин Нетаниаху иҳәамҭа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ргәаанагарақәа ирҿагылоит.
Адокумент аҟны иара убри аан иазгәаҭоуп Израиль Ҭырқәтәыла иҟоу Курдистан аусутә Партиа аҟазаара ишаҿагылоу, иторрористтә еиҿкаароуп ҳәа ишыршьоу.
Ирактәи Курдистан имҩаԥыргараны иҟоу ареферендум акритика азыруит Багдад, Тегеран, Анкара, Вашингтон.
Ҭырқәтәылеи Ирани ракәзар аҳәамҭа ҟарҵеит иазыԥхьагәаҭоу абжьыҭира иҟоу аибарххара еиҳагьы иарӷыӷкыр алшоит ҳәа, уи аԥшьгара мап ацәкызарц ааԥхьарагьы ҟарҵеит.