Кочиев: Урыстәылатәи ар ралгара Кавказ аибашьрахь архынҳәроуп иаанаго

© Sputnik / Ада БагианИгорь Кочиев
Игорь Кочиев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вашингтон аҽазныкгьы адҵа ҟанаҵеит Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа. Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент адепутат ари аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит.

АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Вашингтон имҩаԥысыз ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы Аусутә гәыԥ алахәылацәа аҽазныкгьы Урыстәыла аганахь адҵа ҟарҵеит 2008 шықәсазтәи аибашьра аанкылараз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар алнагарц.

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент адепутат Игор Кочиев ари аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит ақәыӡбра азуа. Иара иҳәеит Америка Аахыҵ Кавказ иҟоу аҭагылазаашьа абара мап ацәнакуеит, арегион аҟны Қырҭтәыла аинтересқәа рыдгыларада аҽак абарц аҭахым ҳәа.

"Еиду Америкатәи аштатқәа иҟарҵаз аҳәамҭа иуеилнаркаауеит дара рхатәы интересқәеи рхатә политикатә мотивқәеи рыда акгьы рбарц шырҭахым. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны Урыстәыла ар рыҟазаара ашәарҭадара ашьақәырӷәӷәароуп иззырхоу. Урҭ ара ралгара Кавказ аибашьрахь архынҳәроуп иаанаго. Уи адагьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра абри азы ргәаанагара азхьаԥшра амҭара ҟәышраны иҟам", — иҳәоит адепутат.

Ираклий Тужба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иахьаҵанакуа рыҟазаара азакәаншьаҭа рымоуп, атәылақәа рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа ирықәшәо иҟоуп ҳәа.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсни аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит. Урыстәыла анапхгара изныкымкәа ирҳәахьеит уи азхаҵара иҟоу аҭагылазаашьақәа ирықәыршәан имҩаԥган аиҭакрагьы алшом ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0