АҞӘА, цәыббра 15 — Sputnik. Венесуела акәзар абри аҭакс атәыла аекономикаҿы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа режим аусура аҿҳәара иацнаҵар акәхеит аҽа 60 мшы. Абри атәы аҳәоит аҭыжьымҭа Gaceta Oficial ҳәа азгәанаҭоит РИА Новости.
"Еиду Америкатәи аштатқәа иаларгалаз афинанстә блокада азырхоуп Венесуела амилаҭтә нефҭтә еилахәыра (PDVSA) аусура. Иааидкыланы аҭагылазаашьа анырра бааԥс рнаҭоит Венесуела ауааԥсыра. Убри азы атәыла аиҳабыра ирыдыркылеит ихымԥадатәины иҟалаз ауснагӡатәқәа" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа алагалан 2016 шықәса рзы. Уижьҭеи урҭ рыҿҳәара уажәы жәынтәуп иацырҵоижьҭеи.
Дональд Трамп 2017 шықәса нанҳәамзазы Венесуела аганахь ала асанкциа ҿыцқәа алеигалеит. Урҭ инарықәыршәаны америкатәи аилахәырақәа азин рымхуп Венесуела аиҳабыра иҭрыжьуа хәы змоу ақьаадқәа ах рархәара, аҳәынҭқарратә нефҭтә еилахәырақәа 90 мшы инареиҳаны аус рыцура.