АҞӘА, цәыббра 20— Sputnik. Цәыббра 20 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Беслан Ҵнариа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс иҟаҵаразы Адҵа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵазааит Ҵнариа Беслан Константин-иԥа. Лышәба Адгәыр Нурбеи-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс дахьыҟаз аҟынтә ихы дақәиҭтәызааит", — ҳәа ҳәоуп Ахада Идҵаҟны.
Беслан Ҵнариа диит 1962 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҟны. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет даушьҭымҭоуп. 2012 – 2017шш. рзы Аԥсны жәлар Реизара адепутатс дыҟан. Дҭаацәароуп. Хҩык ахшара драбуп.