Италиатәи авулкан "аӡынра бааԥс" аанагара алшоит

© AP Photo Salvatore AllegraПотоки лавы во время извержения вулкана Этна в Италии
Потоки лавы во время извержения вулкана Этна в Италии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Флегреитәи адәқәа рҟны аҵарауаа ирбеит узыцәшәаша амагматә кьапышҭа.

АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Италиеи Америкеи рҟынтәи аҵарауаа ргәыԥ агәҽанҵара ҟарҵеит Неаполь ааигәара иҟоу авулкан ахы цәырнагар алшоит ҳәа. Аҵарауаа ргәаанагарала  уи иалшоит апланетаҿ аӡынрацәгьа цәырнагар. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Беларусь апортал Phys адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Аҵыхәтәантәи 30 шықәса авулкан ахымҩаԥгашьа аҽаԥсахит. Иаакәыршаны иҟоу ашьанҵа жәлақәа еиҳа-еиҳа иԥхахо иалагеит. Усеиԥш ҟалеит  адгьыл аҵа ишу амагма  иахҟьаны", — рҳәоит аҵарауаа.

Ари аҩыза аҭагылазаашьа зыхҟьаз ҳәа иршьо 1980 шықәса рзы Флигреитәи адәқәа рҟны адгьылҵысра ахьыҟалаз, уи иахҟьаны алитосфера аҽахьаԥсахыз ауп.

Аҵарауаа еиҭарҳәоит ажәытәан зны авулкан анҿыха аццышә атмосфера иалалеит уи иахҟьаны Адгьыл аҟны аҳауа акыр ихьшәашәахеит ҳәа.

Уажәтәи аҭагылазаашьала аҵарауаа иазгәарҭоит амагма амшын аҵаҿы ацарҭа аиур аԥсабаратә рыцҳара ҟаларым ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0