Ҭыжәба: Қырҭтәылоуп изыхҟьо Аахыҵ Кавказ иҟоу аибарххарақәа

© Фото : предоставлено Ираклием ТужбаНачальник Политического отдела МИД республики Ираклий Тужба
Начальник Политического отдела МИД республики Ираклий Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН 72-тәи Ассамблеиа хадаҟны иқәгылаз Польша, Словакиа, Ҭырқәтәыла, Литва, Естониа рнапхгаҩцәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит. Урҭ рҟны ҷыдала ирзааҭгылоуп "иагрессиву агәылацәа" рганахь ала Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи, асуверинитет аԥхасҭа азуреи, аҵакырадгьыл атәтәреи.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Қырҭтәылоуп изыхҟьо Аахыҵ Кавказ иҟоу аибарххарақәа иҳәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба.

"1992 шықәса рзы Қырҭтәыла (Словакиа Ахада Европатәи атәылақәа ирхыиԥхьаӡалаз) Аԥсны аганахь ала агрессорк аҳасабала ахы мҩаԥнагеит, милаҭ рацәала еилаз Аԥсны ажәларқәа рыбжьара агеноциди аетникатә рыцқьареи рызнауан, Қырҭтәыла уаанӡатәи Ахада Саакашвили 2008 шықәса рзы Цхинвал ақалақь ахаҿра адгьыл ианырхырц азы ир адҵа риҭеит. 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа шәарада ахымҩаԥгашьа иалнаршеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рыжәларқәа рықәӡаара алмыршара. Абри зегьы иккаӡа иунарбоит Қырҭтәыла шакәу Аахыҵ Кавказ аҭыԥ змоу аибарххарақәа зыхҟьо", — иҳәеит Ҭыжәба.

Европатәи атәылақәак реиҳабацәагьы рылақәа адыркыр еиҳа еиӷьны ирыԥхьаӡоит Аԥсны атәылауаа рзинқәа шеиларго рбар аасҭа.

Иазгәоумҭарц залшом ҩбаны иҟоу астандартқәеи ганкахьы мацарала аҭагылазаашьа ахәаԥшреи дара Европатәи атәылақәа рҿгьы аҭыԥ шрымоу ҳәа азгәеиҭоит аминистр ицхырааҩ.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба - Sputnik Аҧсны
Ҭыжәба: Шьамтәыла Аԥсны ҩызатә ҳәынҭқарран иахәаԥшуеит

72-тәи ООН Ассамблеиа Хадаҿы иҟаз ақәгыларақәа аҽазныкгьы иаадырԥшит жәларбжьаратәи адунеитә еилазаара Аԥсны Аҳәынҭқарра апозициа иаша азхарҵарц, ирбарц шырҭахым.

Хыхь иҳәоу инамаданы аҽазныкгьы ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Гутерреша дазхьаҳарԥшырц ҳҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ООН аилазаара аусура иалазырхәыша механизмк аԥҵара хымԥаданы ишыҟоу атәы. ООН атрибуна аҟынтәи Аԥсны апозициа адунеитә уаажәларра рырҳара иаԥнаҵон Аԥсни Қырҭтәылеи ирзеиԥшу адиалог, маҷ-маҷгьы иаԥнахун аимак иамоу аибарххара ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба ООН Ассамблеиа хадаҟны иҟаҵаз аҳәамҭақәа ахҳәаа рыҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0