АҞӘА, нанҳәа 22– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Шьамтәыла Аԥсны ҩызатә ҳәынҭқарран иахәаԥшуеит, хықәкынгьы иамоуп ҩ-ганктәи аҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы рырҿиара ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба.
"Шьамтәыла Апрезидент Башар Асад адҵақәа ирықәныҟәо шьамтәылатәи аиҳабыра хықәкны ирымоуп астратегиатә партниорцәа аус рыцура. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы", — иҳәеит Иракли Ҭыжәба.
Иара иазгәеиҭеит Шьамтәыла аиҳабыра аинтерес кны азхьаԥшра шарҭаз Аԥсни Шьамтәылеи рыхәаахәҭра-економикатә усеицура арҿиара.
Абри атәы иалацәажәеит Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Иммад Ҳамис иԥылараан. Аиԥылара мҩаԥысит нанҳәа 21 рзы.
"Аиԥылара аартуа Иммад Ҳамис Шьамтәыла Ахада ихьӡала аԥсуа делегациа аԥсшәа ериҳәеит, инаҵшьны ҭабуп ҳәагьы иҳәеит Аԥсны анапхгара имҩаԥырго аобиективтә позициазы", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.
Адипломат инаҵшьны иазгәеиҭеит Иммад Ҳамис дамаск ақалақь аҟны имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Аԥснытәи аделегациа алахәра ахә ҳаракны ишишьоу.
"Иммад Ҳамис иажәақәа рыла Шьамтәыла аиҳабыра ирԥылоу ауадаҩрақәа ирцәымшәакәа аҭынч ԥсҭазаара ашьақәыргылареи асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи рҽазыршәоит", — иҳәеит адипломат.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иакәзар Шьамтәылатәи Ареспублика жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагылан ақәԥара имҩаԥнаго адгылара шаиҭо атәы азгәеиҭеит.
Шьамтәыла аҟазаараан Аԥснытәи аделегациа иакымкәа-иҩбамкәа аиԥыларақәа мҩаԥыргеит.
"Убас, нанҳәа 17 рзы имҩаԥысит Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид Муаллем иԥылара. Аԥснытәи аган ахьӡала аиԥылара иалахәын Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәылеи Мрагылара ааигәеи рыҟәша аиҳабы Енвер Алшәындба", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭыжәба.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ҭабуп ҳәа реиҳәеит Шьамтәыла аиҳабыра Аԥснытәи аделегациа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхарц азы ааԥхьара ахьырзаарышьҭыз азы. Ацәыргақәҵаҟны Аԥсны хаз иго апавильон аманы аҭааҩцәа ирызцәырган.
Иар убасгьы аиԥылараан ргәаанагарақәа еимырдеит Шьамтәыла акәша-мыкәша иҟоу арра-политикатә ҭагылазаашьазы.
"Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит Аԥсны Шьамтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа рганахь аинтерес ду шаадырԥшуа атәы, жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагыланы рықәԥара ишадгыло атәы. Иара иҳәеит агәыӷра ду шимоу рацәак имгакәа Шьамтәыла иамоу аԥынгылақәа зегьы ириааины аҭынч бзазара ишазыхынҳәуа", — ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭыжәба.
Иара убри амш аҽны аиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла Аекономикеи адәныҟатә хәаахәҭреи рзы аминистрраҿы.
"Аиԥылараан аҩ-тәылак рминистрцәа алацәажәеит асоциал-економикатәи, ахәаахәҭратәи, афинанстәи усеицура аԥеиԥшқәа. Шьамтәылатәи аган аинтерес ду аанарԥшит Аԥсны аус ацура аганахь ала", — ҳәа еиҭеиҳәеит адипломат.
Нанҳәа 20 рзы Шьамтәыла Жәлар реизараҿ Аԥснытәи аделегациа идикылеит Шьамтәыла Жәлар реизара ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Анзор Наджат.
Аԥснытәи аделегациа иалахәын: Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәылеи Мрагылара ааигәеи рыҟәша аиҳабы Енвер Алшәындба, Аԥсны Ахәаахәҭра Ааглыхратә палата аиҳабы Геннади Гагәылиа.