Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа
Сынтәа Лыхнашҭа имҩаԥгаз ацәыргәақәҵаҿы раарыхра ӡырыргеит Гәдоуҭа араион ҩажәа қыҭа. Анхацәа зегьы аныҳәа мызкы шагыз рҽазыҟаҵаразы аамҭа рырҭеит, аха Аацы ақыҭаҟны инхо Хатуна лажәақәа рыла, дара аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ааԥын — раԥхьаӡатәи алаҵарақәа ирықәыршәаны.
"Араҟа ацәыргақәҵақәа рҟны ҳара иҳамоу зегьы иааҳрыхыз ауп, — лҳәеит лара. — Сынтәа маҷк ишаҳҭахыз амшқәа ҟамлазаргьы, Анцәа иҳаиҭеит аҽаҩра бзиа. Ҳасасцәа зегьы ҳарзыԥшуп ҳгәы хыҭ-хыҭуа. Ҳчеиџьыка зегьы агьама рбароуп".
Анхацәа зегьы излыҵыз рқыҭақәа рыхьӡала ацәыргақәҵа аҟны иддырбон еиуеиԥшым ачыси анаплыхқәеи.
Аныҳәаҟны зегьы рчеиџьыка рнапы иқәҵаны иаҳԥылон. "Бзиала шәаабеит" — ҳәаны какалк-какалк наҳдыркит. Традициала- мап акра ҟалом. Sputnik афотокорреспондент Томас Ҭҳаицыҟә ифотокамера наҟ инышьҭаҵаны, аԥаҭхь аашьҭхны анхацәа дрықәныҳәоит.
Аԥсуа уаҭка — аԥсуа мцаҟны
Бармышь ақыҭа анхацәа ирыӡбеит аныҳәа алахәцәа ажьаӷь уаҭка шдыршуа ддырбарц. Дара Лыхнашҭа ирыманы иааит ауаҭкаршыгеи, ажьаӷь еиҵаҵеи. Араҟа ацәыргақәҵаҿы зегьы рыбла ишабоз ауаҭка еиҵаҵаны аршра иаҿын. Ауаҭка џьбара амацара ажәра цәгьоуп. Уи зегь азгәаҭаны, анхацәа ауаҭкаршыга инавадыргылеит даҽа чуанк аџьықәреи аӡа ахьжәуаз, насгьы аԥсуа мца авараҟны икнаҳан ажьҵаа, ашәырҩа, ашәчарҳәы, аԥсыӡ.
Аҷандаратәи араритет
Аҷандараа иаԥырҵеит- аетнографиатә музеи. Азеижәтәи — аҩажәатәи ашәышықәсаан абзазараҟны рхы иадырхәоз амаҭәахәқәа зегьы еизыргеит: асамԥал инамаркны аихатәы уанҭеи, ахәҷтәы гареи рҟынӡа.
"Араҟа ақыҭанхацәа рхала еизыргаз ауп иҳамоу. Абри иахьӡуп агәыгәым, — Аҷандаратәи аԥҳәыс Марина лнацәа ақәкны иаҳлырбоит азеижәтәи ашәышықәса иахаану ачуан, — Ари агәыгәым акыр ахыҵуеит. Уи аганаҿы ижәбо аихатәы ԥҳалуп. Насгьы абри амшынҟыз еиԥшу ашәындыҟәра ааҳгеит, уи анаҩс ижәбар алшоит ажәцәеимаа, агара уҳәа иҵегьы".
Лыхнашҭа имҩаԥысуаз аныҳәа ауаа зегьы ргәы иақәшәо имҩаԥган. Шәаҳәаралеи кәашаралеи еизаз дырлахҿыхуан ахаԥшьгаратә коллективқәа реиԥш, Жәлар рансамбльқәагьы. Иара убас, ашҭаҟны имҩаԥган аҽырыҩреи, жәлар рыхәмаррақәеи.