Ардаҳан Бганба: ахьацаҵлақәа аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

© Фото : Сырма АшубаАрдахан Бганба
Ардахан Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра иагаз аԥсуаа ирхылҵыз рахьтә иҟоуп ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥснытәи рашьцәеи дареи аигәныҩра зыбжьоу. Егьа аамҭа царгьы еибаԥшаауеит еицәыӡхьаз аишьцәа, аижәлантәқәа. Еибырҳәоит, ирхадыршҭуам рабацәа, рабдуцәа ирхыргаз аҭоурых.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ҭырқәтәыла, Малан ақыҭа, Бганы Шәлиман игәараҭа аҭоурых ду амоуп. 1914 ш. рзы Шәлиман Бганба Аԥсны даҭааит. Иара абраҟа еибабеит Нестор Лакобеи иареи. Урҭ реибабараҿы зҵаара хадас ишьҭыхын уаҵәтәи Аԥсны алахьынҵа, аԥеиԥш, Ҭырқәтәыла иқәнагалаз аԥсуаа ахҵәацәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра. 1920 ш. рзы, Лакоба иҩыза Иса Гобечиа диманы, еицны Бганы Шәлиман иҭаауеит Ҭырқәтәыла.

"Бганы Шәлиман ҳаешьараҿы ихьӡ-иԥша наган. Уи ианакәызаалак иҭахымызт Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа аҩнеихагылақәа дыргыларц. Ари уазхәыцыр аҵакы даара иҵаулоуп. Быцала ишышны аамҭала ҳәа аԥацхақәа дыргылон. Избанзар, рхы-ргәы иҭаз Аԥсныҟа ахынҳәра акәын. Амал арҳара иалагар, Ҭырқәтәыла иаанхар ҳәа дшәон. Актәи аибашьра ду ианалага, Шәлиман Аԥсныҟа дцеит. Усҟан ргәы иҭаз, Аԥсны аԥхьагылацәа зегьы еибабаны, еицәажәаны, еиҿырцааны, Аԥсны ахақәиҭтәра аиура акәын. Хышықәса Аԥсны даанхеит Шәлиман", — игәалаиршәоит Ардаҳан Бганба.

Нестор Лакоба, ҩымз-хымз инаӡо Ҭырқәтәыла, Бганаа ргәараҭаҿы дыҟан. Аԥсуаа ахьынхоз ақыҭақәа рҟынтә гәыԥ- гәыԥла, Нестор дырбаразы иаауан, излацәажәозгьы ахынҳәра аус акәын. Ус, Лакоба Ҭырқәтәыла дшыҟаз, Аԥсны Асовет мчра шьақәгылеит. Лакоба ари аҩыза ажәабжь аниаҳа, иҩыза Гобечиеи иареи Аԥсныҟа ихынҳәит.

"Нестор Лакоба, Ҭырқәтәыла даныҟаз дызҵатәаз ахьацаҵлақәа иахьагьы рыԥсы ҭоуп. Уи, аҭоурых иаҿахәҳәаганы игылоуп Бганаа ҳгәараҭаҿы"-иҳәоит Ардаҳан.

© Фото : Сырма АшубаСкамья
Скамья - Sputnik Аҧсны
Скамья

Бганы Шәлиман иҭаацәа рызегьы иманы Аԥсныҟа даарц аӷба дақәтәарц игәы ишҭаз, аԥсуаа еизан ус иарҳәеит: "Абааԥс, ԥызак дҳамазарц ҳҭахуп, уааԥшы, нас ҳазегьы ҳаиццап", — ҳәа иашьапкуа иалагеит. Абасала уа даанхеит Шәлиман Бганба.

Переписка репатрианта Орхана Ашамба с абхазской интеллигенцией - Sputnik Аҧсны
Зеррин Шамԥҳа: сысалам шәҟәқәа аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

"Аԥсуа егьа дыҟазаргьы иԥашә дзеиҳахаӡом" — рҳәоит. Шәԥашә дырны шәыҟаз, аӡыхь ду аԥашә шәымоуп. Шәыҽгәашәҭа, аԥхьагылара даара аус ду аҭахуп. Ҳабацәа Аԥсны иқәҵыз аахижьҭеи, аҭоурых змырӡуа ауаа ҳамоуп. Иҟаҳҵаз ҳусқәа роуп ахааназы имԥсуа иаанхо", — ицәажәара хиркәшеит Ардаҳан Бганба.

Егьа аамҭа царгьы, аҭоурых ашьҭа арӡӡом, уаҵәтәи амш иаҿахәҳәаганы иаанхоит. Ҳаиҷаҳалап, ҳахӡыӡаалап, ҳабацәа, ҳабдуцәа иаҳзынрыжьыз аҭынха.

Ажәабжьқәа зегьы
0