"Ижәбахьоума сымӡырха": Даниела Гогиаԥҳа даԥхьоит Таиф Аџьба иажәеинраала

Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik Аԥсны апроект "Таиф игәалашәара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа аԥсуа актиорцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи, ахәыҷқәеи иаԥхьоит апоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреиат Таиф Аџьба иажәеинраалақәа.

Апоет Таиф Аџьба, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра алагамҭазы жьҭаара 9 1992 шықәсазы Аҟәа иҩны ддәылганы дыргеит ақырҭуа гвардееццәа, ихабар уи аахыс иҟаӡам.

Таиф Аџьба акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1962 шықәсазы, раԥхьатәи иеизга "Ажәеинраалақәа" ҭыҵит 1968 шықәсазы.

Таиф Аџьба аԥсуа литература даклассикуп, уи инапы иҵыҵит хыԥхьаӡарала имаҷымкәа ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Апоет уи адагьы инапы алакын аиҭагара аус. Иара аԥсшәахь еиҭеигеит адунеитә литература аклассикцәа: Александр Пушкин, Михаил Лермонтов, Генрих Геине, Александр Блок уҳәа рырҿиамҭақәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра апоет илахьынҵа аӡбеит. Аҟәа ампыҵахалаҩцәа рнапаҿы ишыҟазгьы Таиф Аџьба иҭаацәеи иареи рыҩны иахыҵны имцеит. 

Жьҭаара жәба аҽны апоет ақырҭуа гвардееццәа иҩны ддәылганы хабарда ддырӡит. Ишьақәырӷәӷам аинформациа ала, уи акыр дыргәаҟны дҭархан. Апоет ибаҩ иахьа уажәраанӡагьы иԥшаам.

Ажәабжьқәа зегьы
0