"Адунеизегьтәи ГТО" аадыртит Шәача

© Sputnik Евгений Биятов На ВФМС-2017 открылась площадка "Всемирное ГТО"
На ВФМС-2017 открылась площадка Всемирное ГТО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿари астудентцәеи XIX Адунеизегьтәи рфестиваль аатит Шәача ақалақь аҟны. Иара иалахәуп 180 тәыла рҟынтәи асасцәа 20 000-ҩык рҟынӡа. Афестиваль мҩаԥысуеит жьҭаара 14 - 22 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Аҿари астудентцәеи XIX Адунеизегьтәи рфестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иаатит аплошьадка "Адунеизегьтәи ГТО". Абри атәы аанацҳауеит Аҿари астудентцәеи XIX Адунеизегьтәи рфестиваль аофициалтә саит.

Урыстәылазегьтәи абаҩрҵәыра-спорттә комплекс "Аџьеи атәылахьчареи сырзыхиоуп" ("Готов к труду и обороне" (ГТО) — атәыла ауааԥсыра амассатә спорт аҿаиаразы инарҭбаау программоуп.

Карнавальное шествие в рамках XIX Всемирного фестиваля молодежи и студенчества - Sputnik Аҧсны
Аҿари астудентцәеи рфестиваль уаанӡатәи афестивальқәа ираԥнагар алшоит

Анормативқәа рымҩаԥгараз азыҟаҵара мҩаԥигеит Богдан Пишьчальников, урыстәылатәи атлетика лас аспортсмен. Абри ашьҭахь алахәылацәа аԥсшәа раҳәо дрыдныҳәалеит Урыстәыла аспорт аминистр Павел Колобков. Иара агәра игоит акомплекс ГТО адунеи ахьӡ ҿыцқәа шазаанартуа.

"Иҳаҩсыз ашәышықәсазы жәпаҩык адунеи зыхьӡ ахыҵәаз аспортсменцәа ГТО ала рымҩа хацдыркит. Агәра згоит уажәгьы ахьӡ ҿыцқәа шаҳзаатуа", — иҳәеит иара иқәгылараан.

"Адунеизегьтәи ГТО" еиуеиԥшым атематикатә тыԥқәа рыла еихшоуп. Араҟа иубар алшара ГТО акомплекс аҭоурых, авидеороликқәа, еиуеиԥшым азҵаарақәа рҭак аиура.

Ажәабжьқәа зегьы
0