00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ашьапылампыласҩы Ричард Ӡкәуиа игәалашәара ахьӡала атурнир мҩаԥысуеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаРичард Цкәуа игәалашәара ахьӡала Пицунда ашьапылампылтә турнир мҩаԥысуеит
Ричард Цкәуа игәалашәара ахьӡала Пицунда ашьапылампылтә турнир мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәсазы, амҩатә машәыр аҟны иҭахаз Ричард Ӡкәуиа игәалашәара ахьӡала, Пицунда иаартуп есышықәсатәи ашьапылампылтә турнир.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

2015 шықәсазы амҩатә машәыр аҿы иҭахаз ашьапылампыл асҩы Ричард Ӡкәуиа игәалашәара ахьӡала, Пицунда ақалақь аҟны, жәамш рыҩнуҵҟа имҩаԥыслоит ашьапылампыл абзиабаҩцәа ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы "жьҭааратәи" атурнир. Сынтәа уи иалахәуп, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟнытә акомандақәа 20.

Ари аспорттә усмҩаԥгатә ашьаҭа аиркит Ричард ианшьа Ҭимыр Агрба ҵыԥхтәи ашықәс азы. Иара усҟан агәрагара ааирԥшит, уи есышықәса амҽхак ашҽарҭбаауа, ус иагьыҟалеит, 2016 шықәсазы 14 команда ракәызтгьы иалахәыз, 2017 шықәсазы даҽа 6-командак ацлеит.

Атурнир аиҿкаареи амҩаԥгареи рџьабаа адуп Ричард иаҳәшьа Шьазина Ӡкәуиа, иҩызцәа гәакьацәа Денис Хәубутиа, Ҭемыр Сақаниа, Кадыр Амԥар, Асҭамыр Сангәылиа, Дауҭ Ақаҩба.

"Ричард Ӡкәуиа ҳҩыза гәакьа иакәын. Ҳаныхәыҷыз инаркны бзиа ҳаибабон, пату еиқәаҳҵон. Рыцҳарас иҟалаз, ҩышықәса раԥхьа амҩатә машәыр аҟны иԥсҭазаара ҿахҵәеит. Нанҳәа 8, имш иира аҽны анышә дамаҳдеит. Иԥсы ҭаны дҳалагылазтгьы, сынтәа 25 шықәса ихыҵуан. Амҩатә машәыр агәаҟра ду рзаанагахьеит имаҷымкәа аҭаацәарақәа. Аҿар рахь аҳәара ҟасҵоит аԥсҭазаара иахымццакырц, есыҽны уи иацу аԥшӡареи ахаареи рнырларц, рҭаацәа дыргәырӷьаларц", — иҳәоит Ричард иҩыза Денис Хәубутиа.

Ричард Ӡкәуиа даныхәыҷыз инаркны ашьапылампыл асра бзиа ибон. Иара ибзоурала, Пицунда изныкымкәа ашьапылампылтә турнирқәа мҩаԥысуан. Хаҭала, аҭыԥантәи акоманда "Кьараз" дахәҭакны, ачемпионатқәа ихы рылаирхәхьан. Ричард инапы злакыз аус мыӡырц, аҿар аспорт иадиԥхьаларц азоуп Ҭимыр Агрба иаҳәшьаԥа игәалашәара ахьӡалагьы атурнир зхеиҿикааз. Аспорттә усмҩаԥгатә есышықәса акурорттә сезон ашьҭахь, жьҭаарамзазы амҩаԥгара азԥхьагәарҭоуп.

Ричард Ӡкәуиа игәалашәаратә, "жьҭааратәи" ҳәа ахьӡ змоу атурнир, ҳаԥхьаҟа агеографиа еиҳагьы аҽарҭбаауеит, ижәларбжьаратәихоит.

"Сынтәа атурнир иалахәхараны иҟан Черқьесскынтәи акомандагьы, аха заа ааԥхьара ҳазрымҭеит. 2018 шықәсазы Нхыҵ-Кавказынтәи акомандақәа гәыԥҩык атурнир алахәразы агәаҳәара аадырԥшхьеит, иара убас Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟнытә ашьапылампыл абзиабаҩцәа ркомандақәагьы", — ҳәа азгәеиҭеит Денис.

Ричард Ӡкәуиа игәалашәаратә турнир адгылара арҭеит Пицунда ақалақь Ахадарагьы. Сынтәа дара иаԥырҵеит еиҭаҵуа ахраҿа.

"Раԥхьа иргыланы атурнир амҩаԥгарала, ауаажәлар идҳарбоит, амҩатә машәыр аҿагылара шаҳҭо. Иара убас, ари аспорттә усмҩаԥгатә абзоурала аҿар еибадыруеит, апатуеиқәҵара рыбжьалоит", — рҳәоит Ричард иҩызцәа.

Ричард Ӡкәуиа иҭаацәеи иҩызцәеи атурнир адгылара азҭо зегьы иҭабуп ҳәа раҳхәоит. Абиԥазаҵә Ричард Ӡкәуиа зынӡа дышқәыԥшыз иԥсҭазаара ҿахҵәеит. Иагьа аҳәара уадаҩзаргьы, амҩатә машәыр иахҟьаны, иҿыцәааит имаҷымкәа аԥсуа хәшҭаарақәа.

Хымԥада ари амилаҭтә рыцҳароуп, убри аҟнытә ҳазегьы ҳаидгыланы ӷәӷәала аҿагылара аҳҭароуп.

Ричард Ӡкәуиа игәалашәаратә турнир иалахәу зегьы иранашьахоит, иҭаацәа рымчала иаԥҵоу ахраҿақәеи амедалқәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0