АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2017 шықәса ԥхынгәымзазы хабарда ибжьаӡыз урыстәылатәи атурист Андреи Лихачев иԥсыбаҩ ауп ҳәа агәаанагара ззыҟоу аԥсыбаҩ рбеит Аҩадатәи Кьылашәыртәи амҩа ԥшьбаҟа километра инацәхыкны. Аԥсыбаҩ ашьхарантә Аҟәаҟа илбаагоуп, агенетикатә експертиза амҩаԥгаразы. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзураҟны.
Аԥсыбаҩ аҭагылазаашьа шыҟоу ала агенетикатә експертиза ҟамҵакәа ахаҭара ашьақәыргылара залшом.
Уаанӡа, АҶА аминистр Лев Кәыҵниа иҳәеит: "Аԥсыбаҩ еилыхын. Аԥсыбаҩ аабеит ҳәа адырра шааҳауз еиԥш уахь инаҳашьҭит ҳмаҵзурауаа. Урҭ макьаназ рыҽҳамардартә аҭагылазаашьа ыҟам, аха агәаанагара ыҟоуп аԥсыбаҩ зтәу 2017 шықәса ԥхынгәымзазы хабарда ибжьаӡыз урыстәылатәи атурист Андреи Лихачев иоуп ҳәа".
Аминистр иажәақәа рыла аԥсыбаҩ машәыршәа дахҭыгәлеит амҩасҩы. Уи аҭыԥ ахь шамахамзар уаҩ дықәнагалом. Амҩа иацәхыкуп.
Москватәи аобласт аҟны инхоз Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Лихачиов иԥшаара акраамҭа иаҿын Аԥсны АҶА аусзуҩцәа.
"Ҳара иара дахьынхоз ақалақь Раменски аҟынтәи аинформациа ҳауит ԥхынгәы 9 рзы аҳәаа иахысыз Андреи Лихачев ихабар ыҟам ҳәа", — иҳәоит Кәыҵниа.
Аминистр иажәақәа рыла атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.
"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.
Иара иазгәеиҭеит аинформациа шроузҵәҟьа аԥшаарақәа ишрылагаз, аха иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргылоу дырра шрымам Лихачев иганахь ала.