АҞӘА, жьҭаара 18– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны аелектронтә гәаран ахархәара амаӡам ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахԥатәи амаӡаныҟәгаҩ Турал Джавадов.
"Имаҷымкәа адунеи атәылақәа рҟны урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы аиуразы ахархәара аҭоуп аинтернет ресурс Рassportzu.kdmid.ru. Уи ахархәарала аелектронтә гәаран ақәгылара алшоит аҽҭаҩразы, асаит аҿы анкета ахарҭәаара. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша акыршықәсатәи аусуратә ԥышәала еиҳа имарианы ишьоуп атәылауаҩразы адокументқәа рыдкылареи рыҭареи рзы иҷыдоу апунк аартра", — иҳәеит иара.
2017 шықәса лаҵарамза аахыс Гагра аус ауеит аконсултә пункт. Иара анапы иануп атәылауаҩшәҟәы аиуразы адокументқәа разырхиара.
Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы аиуразы азыҳәа ҟазҵо имазароуп:
Уаанӡатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәи иара ахкьыԥхьааи, афотосахьақәа ԥшьба, аиразы аршаҳаҭга, аҭаацәара алаларазы аршаҳаҭга (ажәла ԥсахзар), аҩныҵҟатәи аԥсуа тәылауаҩшәҟәы, анхарҭаҭыԥ арбаны.
"Ахәыҷқәа рзы иумазароуп ахәыҷы ииразы аршаҳаҭгеи иара ахкьыԥхьааи, ахәыҷы ихаҭарнак ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент, афотосахьақәа хәба", — иҳәоит Джавадов.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы аиуразы аконсултә шәахтә шәатәуп. Атәылауҩшәҟәы аиура аҿҳәара хымз рҟынӡа инагоуп.