Ҳагба: Ольга Дубинскаиа лыԥсҭазаара зегьы Аԥсны иадҳәалан

© Sputnik / Томас ТхайцукКясоу Хагба
Кясоу Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура аусзуҩ, ажурналист, апродиуссер, атеатралтә критик Ольга Дубинскаиа ибзиан дыздыруаз Кьасоу Ҳагба игәалашәарақәа ҳацаиҩыишоит.

Sputnik, Альбина Жьиԥҳа

Акультура аусзуҩ, ажурналист, апродиуссер, атеатралтә критик, Аԥсны раԥхьатәи ахада иԥсҭазаара иазку адокументалтә фильм "Страсти по Владиславу" аԥызҵаз, Ольга Дубинскаиа лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵуаазаарын 50 шықәса. Сынтәа иҵит 5 шықәса лара дыҟамыижьҭеи. Арежиссиор, асахьаҭыхыҩ иаҳасабала Ольга иаԥылҵит Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа иазку афоточеркқәеи ассекәеи маҷымкәа.

Лара илылшаз рацәоуп, аибашьра ашьҭахь амацәаз ҳанҭакыз, игәалаиршәоит актиор Кьасоу Ҳагба, Аԥсны аӡбахә џьара иуҳәар аныҟамлоз. Лара илыбзоуроуп Пловдив, Адунеизегьтәи атеатралтә фестиваль Аԥсуа театр алахәхара.

Кьасоу Ҳагба Sputnik иаиҭаз аинтервиу инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Лыԥшәмагьы ларгьы, усҟан акультура аминистр Болгариа иҟаз — иноуго абри зегь реиҳа итеатруп ҳәа агәра идырган, аԥсуа театр уахь ицеит. Уантәи Сибиу. Раԥхьа "Махаз" ҳахәмарит, аҩынтә раан "Ачшьра". Ларгьы лыԥшәмагьы ҳара зегьы ҳзеигәырӷьоз уа ишаҳԥылаз ауп", — игәалаиршәоит Ҳагба.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Ольгеи реиԥылара лыԥсҭазаараҿы анырра ӷәӷәа ҟанаҵеит.

"Ҩбаҟа сааҭ еицәажәон рыҩџьагьы. Владислав еиҭаиҳәоз, шеиҭаиҳәоз, уи иидыруаз, ушыҟанаҵоз атәы зегьы иаадыруа ауп. Убра дандәылҵ инаркны лыԥсҭазаара зегьы Аԥсныи аԥсуааи, урт ирхыргази ззымдыруа, дырдырра хықәкыс иҟалҵеит. Лыԥшәмагьы ларгьы жәашықәса инареиҳаны аԥсуа доуҳа, аԥсуа ҭоурых, абызшәа, аԥсуа ҷыдаракәа ирызкны Европагьы Урыстәылагьы иркьыԥхьыз, дарбанзаалакгьы аӡәгьы имкьыԥхьыц", — иазгәаиҭоит иара.

Ольга Дубинкскаиа даныԥсы ашьҭахь акьыԥхь збаз лусумҭақәа зегьы иааизакны шәҟәыкәны аҭыжьра азгәаҭан, аха макьана уи залмыршахац.

"Дшыцәыз дыԥсит ара Аҟәа, лыԥсҭазаара зегьы ара иҟан, лыԥсы зегьы ара иҟан, лыԥсгьы абра иаанлыжьит. Лыԥсыбыҩ анырбыл ашьҭахь, лара бзиа илбоз Лыхнашҭа, ахәа ҳцаны икаҳаԥсеит", — еиҭаиҳәоит Кьасоу Ҳагба.

Ольга Дубинскаиа лгәы иҭан Аҳ Леон, Нестор Лакоба ирызкны афильмқәа рҭыхра, илыҩхьан асценариқәагьы.

"Лара иџьалшьон аԥсуаа иҳамоу ҳдоуҳа, Анцәа ихаҵара, ауахәама иатәугьы, аныха иатәугьы еидгыланы иахьыҟоу, аки-аки еивагылан иахьмыӡуа. Убри ҳаиқәзырхо акәны дахәаԥшуан. Убри ала асценари ҩҩны илыман, лыԥшәма илиршеит акино аҭыхра, уажәы амонтаж иаҿуп", — иҳәеит Ҳагба.

Ольга Дубинскаиа жәохә шықәса рыҩныҵҟа илыҩуаз зегьы Аԥсны иазкын. Арежиссиор, асахьаҭыхыҩ иаҳасабала Ольга иаԥылҵит Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа иазку афоточеркқәеи ассекәеи́ маҷымкәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0