"Коӷониаԥҳа лымҩаду": ажурналисти аҵарауаҩи ҩ-цәак зхарԥоу амораль иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЕрмолай Аджинджал и Эмма Ходжава
Ермолай Аджинджал и Эмма Ходжава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есымчыбжьа, Sputnik Аԥсны аефир аҿы ицоит автортә дырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду". Асабшатәи адырраҭараҿы ажурналист дазааҭгылеит ҩцәак зхарԥоу амораль атема. Арадиостудиаҟны ргәаанагара рҳәон аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, амилаҭтә хақәаиҭратә қәԥара иалахәыз Ермалаи Аџьынџьали, ажурналист, аибашьра аветеран Емма Хәаџьааԥҳаи.

АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Ишиашоу ицоу аефирала, арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы иалацәажәон ҩцәак зхарԥоу амораль. Иабантәиаауеи џьаргьы ианым азакәанқәа, насгьы ҳабанӡарықәнаҟоу урҭ иахьа, астудиаҟны ргәаанагарақәа еибырҳәон ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи, аҵарауаҩ Ермалаи Аџьынџьали, ажурналист Емма Хәаџьааԥҳаи.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": ҩцәак зхарԥоу амораль

Аҭоурыхҭҵааҩ Ермалаи Аџьынџьал игәаанагарала — амораль зегьы иреиҳауп.

"Амораль адинхаҵара, анцәа ихаҵара иадҳәалоуп. Анцәа иуцәашәароуп, иакум ҟаумҵароуп, иакум умхәыцроуп", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Ажурналист Емма Хәаџьаа лажәақәа рыла амораль ауаа зегьы ирзеиԥшу ак ауп.

"Амораль амилаҭтә етикетгьы иадҳәалоуп, са сгәаанагарала, ауаҩытәыҩса есаамҭа зегьы ирзеиԥшу ауп", — азгәалҭеит Хәаџьааԥҳа.

Асасцәа аҿырԥштәқәа ааргеит иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы ҩцәак зхарԥоу амораль ахьрықәшәо.

"Ауаҩы инарцәымҩа данықәло, пату иқәзымҵоз дихцәажәоит, амц иҳәоит, уи ииашам ҳәа исыԥхьаӡоит", — лҳәеит Емма.

Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәеит иахьагьы асоветтә идеологиа анырра шыҟанаҵо

"Асовет идеологиала ҳааӡоуп ҳара. Аԥсуа интелегенциа усҟангьы ақырҭцәа ирыдгылоз ыҟан, изеицәааӡозеи, ихәмаруазгьы ыҟан", — иҳәеит Аџьынџьал.

Есымчыбжьа, сабшала, асааҭ 18:00 рзы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала шәазыӡырҩла автортә дырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду".

Ажәабжьқәа зегьы
0