Урыстәыла-Аԥснытәи арт-пленер хыркәшахеит

© Sputnik Сария Кварацхелия Выставка в ЦВЗ
Выставка в ЦВЗ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
II Урыстәыла-Аԥснытәи арт-пленер "Аԥшшәхәқәа реиҿцәажәара" ареспубликаҿ имҩаԥысит жьҭаара 16-25 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. II Урыстәыла-Аԥснытәи арт-пленер "Аԥшшәхәқәа реиҿцәажәара" хыркәшахеит ареспублика Ацентртә цәыргақәҵатә зал аҟны имҩаԥгаз аихшьаалатә цәыргақәҵала ахаша, жьҭаара 25 рзы.

Сергей Цвижба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Сергеи Ҵәыџьба: аҟазараҿы аиҿцаара иунаҭо рацәоуп

Арт-пленер ахь ицәырган 60 инарзынаԥшуа усумҭа. Асахьақәа зегьы хәшала иҩуп. Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Виссарион Ҵәыџьба иажәақәа рыла апленер алахәылацәа зегьы рхатәы стиль рымоуп.

"Шамахамзар ҳара зегьы асоветтә школа ҳахысит. Уи ҳшеиднакылогьы дасу ихатә ҟазшьа иманы рҽаадырԥшит апленер алахәылацәа", — иҳәеит иара.

Апленер иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩцәа. Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа рзы Аԥсны ԥышәа бзиоуп.

"Сара Москва сынхоит. Уаҟатәи аԥшшәқәа рацәак убла дыргәырӷьом. Ара сара аус рыдызулон ашашара змоу аԥштәқәа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Москватәи асахьаҭыхыҩ Николаи Буртов.

Иара ацәыргақәҵахь инеигеит аусумҭақәа фба. Иара ахархәара аиҭоит аимпрессионизм астиль.

"Сусумҭақәа рҿы сара хадараны избоит аԥшшәы. Сгәы иаанагоит Аԥснытәи аԥшшәқәа зегьы ахархәара рысҭеит", — иҳәеит иара.

Аекспозициа шьақәгылан мчыбжьык ахы-аҵыхәала имҩаԥгаз аусумҭақәа рыла.

Виталий Джения - Sputnik Аҧсны
Арадио
Витали Џьениа: арт-пленер асахьаҭыхҩы изы акыр аҵанакуеит

"Асахьаҭыхыҩцәа усумҭак мызкы-ҩымз иадхалозар, апленер аҳәаақәа ирҭагӡаны 5-6 усумҭа ҳадыргалар акәын. Иара ус иҟазароуп. Апрофессионализм ду улазароуп иузымдыруа, шәымҭа-шәымҭала зҽызыԥсахуа аԥсабара абасала ирласны асахьа ҭухразы", — иҳәеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа.

Арт-пленер аан иҭыхыз аусумҭақәа рыхәҭак Аԥсны асахьатә галереиа иазааныжьхоит, иаанхо ахәҭа Урыстәылатәи асахьатә галаереиақәа ирызшахоит.

II Урыстәыла-Аԥснытәи арт-пленер "Аԥшшәхәқәа реиҿцәажәара" ареспубликаҿ имҩаԥысит жьҭаара 16-25 рзы. Арт-пленер алахәылацәа Аԥснытәи ҭагалан асахьақәа ҭырхуан Афон Ҿыц, аӡиа Риҵа, Аҟәа, Тҟәарчал, Очамчыра, Каман, Мықә рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0