Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 20-шықәса ахыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилей Академии наук Абхазии - 20 лет
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥҵан жьҭаара 30 1997 шықәса рзы, Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба идҵала.

АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥҵан жьҭаара 30 1997 шықәса рзы, Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба идҵала. Убри инамаданы иахьа Аҟәа имҩаԥысит аныҳәатә еилатәара.

Аныҳәамш рхы аладырхәит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, ареспублика аиҳабыра, Аԥсны, Урыстәыла рҵарауаа.

"Имаҷымкәа аекономикатә ԥынгылақәа шыҟоугьы ҳаҭҵаарадырра аизҳа-зыӷьара амҩа иқәуп. Агуманитартә, атехникатә, амедицинатә уҳәа аусхкқәа рҟны ҳҵарауаа имҩаԥырго аусурақәа ахәшьара ҳаракқәа роуеит ҳтәылаҿеиԥш, анҭыҵгьы" — иҳәеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит Академиа ахыҵхырҭаҿы дышгылаз аҳәынҭқарратә усзуҩ, аҵарауаҩ, академик Владислав Арӡынба.

"Раԥхьатәи ҳхада ибзианы еиликаауан аҳәынҭқарра ашьақәгыларазы аҵарадырра иамоу аҭыԥ" — иҳәеит иара.

Аԥсны аҭҵаарадырра Академиа шьақәгылоуп х-ҟәшак рыла, аилазаараҿы иҟоуп академикцәа 15-ҩык, алахәыла-корреспондентцәа 11-ҩык, аҳәаанырцәтәи аҳаҭыртә лахәылацәа 19-ҩык ҳәа азгәеиҭеит АНА апрезидент Зураб Џьапуа.

Академия наук Абхазии. - Sputnik Аҧсны
Џьапуа: Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит

"АНА анапаҵаҟа иҟоу аусҳәарҭақәа рҟны аус руеит ԥшьышәҩык рҟынӡа аҭҵааҩцәа. Урҭ рҟынтәи 29-ҩык аҭҵаарадыррақәа ирдокторцәоуп, 93-ҩык аҭҵаарадыррақәа иркандидатцәоуп.

Академиа ашьақәгылара иара аҳәынҭқарра ашьақәгылареиԥш ауадаҩрақәа арымӡаак ацын" — иҳәеит иара.

Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит АНА анапхгара рнапы шаҵарыҩхьоу еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа, аҭҵаарадырра аганахь ала аимадарақәа есышықәса рыҽышдырҭбаауа.

Академиа 20-шықәса ахыҵра инамадан идырбан адокументалтә фильм – АНА аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи ирызкыз.

Академиа аиубилеи адныҳәалара арҭеит аныҳәатә еиԥылара асасцәагьы.

Зураб Джапуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьапуа: 20 шықәса рыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа икьаҿым аҿиарамҩа ианысит

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Адҵа "Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа иналукааша аҵарауаа аҳаҭыр хьыӡқәа рыхҵаразы. Абри ахьӡ ҳарак иаԥсахеит: Лесик Аиба, Иури Анчабаӡе, Владимир Вартаиа, Виачеслав Бигәаа, Валери Бигәаа, Валентин Коӷониа, Виачеслав Чрыгба.

Иара убасгьы имҩаԥган Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа ранашьара ацеремониа. Акомиссиа аӡбрала апремиа анашьахара иаԥсахеит афилологиатә нҿҭҵаарадыррақәа рдокторцәа Зураб Џьапуеи Леонид Саманбеи, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алик Габелиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0