Ҳаџьымба: агәра згоит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиныррақәа шарҭбаауа

© Sputnik Бадрак АвидзбаПрезидент принял участников празднования двадцатилетия Академии наук Абхазии
Президент принял участников празднования двадцатилетия Академии наук Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 30 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә еилатәара иҽалаирхәит.

АҞӘА, жьҭаара 31 о – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аныҳәа алахәылацәеи Аԥсны ахадеи реиԥылараан Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ареспублика аҭҵаарадырратә еимадарақәа ԥхьаҟагьы рыҽдырҭбаап ҳәа дышгәыӷуа.

"Аҧсны Аҳәынҭқарра ахырхарҭа хадақәа ируакны иҟан, ус иагьаанхоит ҳаҭҵаардырра – ҳтәыла асоциалтә-економикатә бзазара ианаҭо анырра иҵегь арыҕәҕәара. Убри аганахьала, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иалшо зегьы ҟанаҵароуп амилаҭтә ҭҵаарадырра иаҵагылоу абиҧарақәа зегьы реимадара арҭбааразын. Уаҩы игәы иахәартә иҟоуп, зыхьӡ нагоу ҳҵарауаа аҕьараҳәа иахьрыҵагылаз зхатә хәыцшьеи, зхатә знеишьақәеи змоу аҿар. Гәадурала иазгәаҳҭоит иахьа – Ҳмилаҭтә Академиа ахыҵхырҭаҿы дышгылаз Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, академик Владислав Арӡынба. Уи дыруаӡәкуп аҳәынҭқарра ҭҵаарадыррада аҿиара шзалымшо азы агәрагара ду змаз ҳнапхгаҩцәа, ҳҵарауаа. Иазгәаҭатәуп, иахьа шьҭа ишмаҷҩым алингвистикеи, аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи, адемографиеи рышҟа зхы кыду аспециалистцәа. Рыҭҵаарадырратә лшарақәа дырҭбаауеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институти Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети. Урҭ русеицура амҽхак иҵегь иҭбаахароуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иахьатәи аамҭазы аҭҵаарадырра иаҳнаҭо алшарақәа рыда иуадаҩуп аҳәынҭқарра еиуеиԥшым аусуратә хырхарҭақәа рҟны хра ыҟаны ашьақәгылара иҳәеит атәыла Ахада.

"Аҭҵаарадырратә усура аҵак ду аманы иҟоуп. Убри азы иҳаӡбеит Академиа аҩныҵҟа иаԥҵазарц аекономикеи азиндырреи рыҟәша ҿыцқәа, иаҳԥылоу азҵаарақәа рыӡбра арманшәаларазы", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ишаԥҵатәу убасеиԥш аҭагылазаашьа, Апарламент аҟны ирыдыркыло азакәанқәа аҭҵаарадырратә лацәажәара ҵаула ашьҭахь аӡбра роуртә еиԥш.

Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 20-шықәса ахыҵит

Афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Нина Барахоева Рауль Ҳаџьымба иҭабуп ҳәа иалҳәеит иҟаиҵаз асасдкылара ҟәандазы, ҳамҭасгьы илҭеит Ингәыштәыла иазку ашәҟәы.

Ареспублика Соха (Иакутиа) Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҳабы, апрофессор Игор Колодезников иажәахә аҟны иазгәеиҭеит Аԥсни Иакутиеи ҵакырала ишеицәыхароугьы аҭҵаарадырратә усура аганахь ала акыр ишеизааигәоу.

"Иазгәасҭар сҭахуп Зураб Џьапуеи Аԥсны егьырҭ аҵарауааи ареспублика ахьӡ-аԥша аларҵәаразы ирылшо шмаҷым", — иҳәеит Колодезников.

АНА ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит аԥсуа ҭҵаарадырра атәыла анапхгара рҟынтәи адгылареи ацхыраареи аманы аҿиара амҩа ишану.

Рауль Ҳаџьымба асасцәа ирыдигалеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

© Sputnik Бадрак АвидзбаПрезидент принял участников празднования двадцатилетия Академии наук Абхазии
Президент принял участников празднования двадцатилетия Академии наук Абхазии - Sputnik Аҧсны
Президент принял участников празднования двадцатилетия Академии наук Абхазии

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥҵан жьҭаара 30 1997 шықәса рзы, Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба идҵала. Аԥсны аҭҵаарадырра Академиа шьақәгылоуп х-ҟәшак рыла, аилазаараҿы иҟоуп академикцәа 15-ҩык, алахәыла-корреспондентцәа 11-ҩык, аҳәаанырцәтәи аҳаҭыртә лахәылацәа 19-ҩык ҳәа азгәеиҭеит АНА апрезидент Зураб Џьапуа. АНА анапаҵаҟа иҟоу аусҳәарҭақәа рҟны аус руеит ԥшьышәҩык рҟынӡа аҭҵааҩцәа. Урҭ рҟынтәи 29-ҩык аҭҵаарадыррақәа ирдокторцәоуп, 93-ҩык аҭҵаарадыррақәа иркандидатцәоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0