00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа иамшныҳәоуп иахьа
13:19
6 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәа амшныҳәа аҽны ацәыргақәҵа аартхоит
13:45
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә класс мҩаԥган
13:49
13 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
14:44
11 мин
Дополнительное время
Международный туринир по баскетболу памяти С. Багапш в 15-й раз проходит в Абхазии
14:55
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҿыц еиднагалаз аԥсуа ҭаацәара 100 нызкь мааҭ агәыҳалалрахь ирышьҭит

CC0 / / Архивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Валери Кобахьиеи иԥшәма ԥҳәыс Симонеи рчараҿ иаанагаз 100 нызқь мааҭ Лашкьындар ақыҭан ахәыҷырацәа змоу аҭаацәара рзы зыргалара иаҿу аҩнахьы идәықәҵахоит.

АҞӘА, абҵара 2 —Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Москва иҟоу аԥсуа диаспора ацхантәаҩы Валери Кобахьиеи иԥшәма ԥҳәыс Симонеи ачара ашьҭахь агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" иарҭеит 100 нызқь мааҭ аԥара, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭаиҳәеит Валери Кобахьиа.

"Аибашьра ашьҭахь ауааԥсыра рҭагылазаашьа уадаҩхеит, ацхыраареи адгылареи зҭаху рацәаҩхеит. Уи арҽеира иашьҭоу афонд аԥара аҭара иахҭоу усны исыԥхьаӡеит. Ҳхазы маҭәак ааҳамхәаргьы, џьара ԥсшьара ҳамцаргьы, уи усҟак ихадам, ацхыраара иашьҭоу егьырҭ ауаа рҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа иаҿурԥшуазар", — ахыиҳәааит иҟаиҵаз аус аҭаацәара аԥызҵаз.

Абҵара 1 Валери Кобахьиа абанк ала "Кьараз" иахыиԥхьаӡалеит аԥара.

"Ари зегьы ирбо ираҳауа изыҟасҵаз, асҿыԥшырцаз ауп. Уазхәыцыр, аума ҟасымҵеит, ас еиԥш еиҭа изылшаз иоуп аҳаҭыр зықәҵатәу, уи ихымҩаԥгашьа анаҩс ақьиара иаҿырԥшыгахоит. Шаҟа акум аус злоу, амаҷ акәзаргьы иҟаҵа", — иазгәаиҭоит Кобахьиа.

"Кьараз" аиҳабы Камма Гоԥиаԥҳа лажәақәа рыла, Валери Кобахьеи Симонеи иҟарҵаз иақәгәыӷуамызт.

"Иацы Валери Кобахьиа иҽсымаидеит, ҳаиԥылан ҳаицәажәарц дсыҳәеит. Ҳаиԥылараан иҳәеит рҭаацәа ачараҿы иаанаг 100 нызқь мааҭ "Кьараз" иарҭарц шырҭаху", — еиҭалҳәеит лара.

Ҿыц еиднагалаз аханатә аԥара агәаҳалалрахь ишырышьҭуеит ҳәа азырмыӡбацызт, аха афонд аиҳабыи дареи реицәажәара ашьҭахь еилкаахеит, "Кьараз" Лашкьындар ақыҭан ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа рзы аҩны шдыргылоу.

Мадина Бигвава (слева) и Камма Гопия (справа) - Sputnik Аҧсны
Гоԥиаԥҳа: аӷарра зыхҟьо аусурҭақәа рыҟамзаароуп

"Камма Гоԥиаԥҳа еиҭалҳәеит афонд аусура атәы, ирԥыло ауадаҩрақәа дырзааҭгылеит. Ҳара иҳаӡбеит зыҩны бгаз аҭаацәара аҿыц ахь ииасырцаз, зыргылара иалагахьоу, аха аԥара ззымхо, ҳрыцхраарц", — иҳәеит Кобахьиа.

Аҩны аргылара иаҿуп "Амра банки" азауад "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" иҟарҵаз ацхыраарала. Урҭ ирыцлеит Кобахьиаа рҭаацәарагьы.

Валери Кобахьиа иԥшәма ԥҳәыси иареи агәыӷра рымоуп егьырҭ ачара зураны иҟоу аҭаацәарақәагьы дара рҿыԥштәы иацныҟәап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0