АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбрала ихацыркуп закәашьаҭада аҳәырԥсарраҿы идыргылаз ахыбра ақәгара. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.
"Анцәа иџьшьаны аӡәгьы ҿагылара ҟаиҵом. Зегь еилибакаарыла имҩаԥысуеит", — иҳәеит иара.
Кьылба иара убасгьы иазгәеиҭеит аҽа х-хыбрак рганахь алагьы аӡбрақәа шрыдкыло.
Пицунда Ахада Витали Хәытаба иазгәеиҭоита усурақәа даара маршәаркыла ишымҩаԥысуа.
"Аргылара аимыхра иаҿуп. Ашәқәа, аԥенџьырқәа аҽазныкгьы ахархәара роуртә еиԥш иқәыргоит", — иҳәоит Хәытаба.
Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала аҭыԥ аҟны иҟоуп Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Аслан Кобахьиа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба, Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба, Аӡбамҭа анагӡаҩцәа рмаҵзура аиҳабы Зураб Барцыц, аиустициа аминистр Марина Плиаԥҳа.
Рауль Ҳаџьымба 2017 шықәса мшаԥымзазы Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аҵакыраҿы ззин ыҟамкәа изҿыз аргыларақәа дырҭааны ибеит. Уи ашьҭахь иара имҩаԥигеит анҭыҵтәи аилацәажәара, адҵагьы ҟаиҵеит изакәанымкәа идыргылаз ахыбрақәа зегьы шьаҭанкыла иқәыргаразы.