Логәуа Аахыҵ-Уаԥстәыла рыҟазааара иазкны: иаҳбаз агәахәа ҳнаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Логуа
Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегциа Аахыҵ- Уаԥстәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭа 85 шықәса ахыҵра аныҳәа иалахәын. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа рыҟәша анапхгаҩы, адоцент Нугзар Логәуа диҿцәажәеит Сырма Ашәԥҳа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа, шәара, арҭ амшқәа рзы Аԥснытәи аделегациа шәалахәны Аахыҵ-Уаԥстәыла шәыҟан, уахь шәцара аахықәкы шәазааҭгыларц сҭахын.

— Аахыҵ-Уаԥстәылаҟа ҳцара мзызс иаман аҳәынҭқарратә университет 85 шықәса ахыҵра. Ҳара ҳуниверситети иареи еиқәлацәоуп. Ишыжәдыруа еиԥш, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет 85 шықәса ахыҵра иадҳәалаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан ааигәа, уи рхы аладырхәит Аахыҵ-Уаԥстәылантәи аҵарауаа.

- Аделегациа аилазаара шԥашьақәгылаз?

— Ааԥхьара иҳауз ала, аилазаараҿы иҟан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҵара аҟәша аганахь ала аректор ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа, аҭоурых афакультет адекан, апрофессор Алик Габелиа, сара Ҳаргьы иҳалшоз ала аҳамҭақәа рзаҳгеит, ҳаушьҭымҭацәа руаӡәк лусумҭа-ажәытәӡатәи Баслатәи ацҳа, еиуеиԥшым атехникатә хархәагақәа. Ишырҳәо еиԥш, нап ҭацәыла ҳарзымцеит.

—  Ишԥамҩаԥыси аныҳәатә хәылԥазы, ирацәаҩызма егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз асасцәа?

— Даара аҩаӡара ҳаракны имҩаԥысит. Москвантә, Санкт-Петербургынтә, Алада Урыстәылатәи аҿацә иатәу ауниверситет дуқәа зегьы, Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рректорцәа уҳәа асасцәа рацәаҩны иҟан. Ҳарҭгьы иахьынӡаҳалшоз ҳхы рылаҳархәит иазгәаҭаз аиҿкаарақәа. Виктор Маланӡиа даара ажәахә бзиа ҟаиҵеит. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит. Ҳара ҳуниверситет иадҳәалаз аусмҩаԥгатә аназгәаҳҭоз, Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа дырзаԥхьеит. Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ауниверситеит аректор "Ҳаҭыр зқәу апрофессор" ҳәа ахьӡ ихҵан, иара убас, ҳуниверситет ахьӡала, "Ҳаҭыр зқәу апрофессор" ҳәа ахьӡ ихҵан Аахыҵ-Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра ахада Анатоли Бибилов. Алаҳәара ҟаҵан зынӡа игәиҽанӡамкәа. "Даара аус ду сыдышәҵеит. Агәра шәсыргоит, Аԥсны снеины алеқциақәа астудентцәа сшырзаԥҳьо ала", — иҳәеит атәыла ахада. Акрызҵазкуа аешьара, аиҩызара зцыз ус дуны иҟалеит ҳәа сахәаԥшуеит. Ажәлар итәазгьы даара ргәы иахәаны рнапы еинырҟьон.

- Иарбан еиԥыларақәоу уаҳа шәызлахәыз?

— Аиԥыларақәа маҷымкәа имҩаԥысит уа ҳаҟазаара иалагӡаны. Ҳара ҳаҟан Аахыҵ-Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакраҟны. Уа ҳара ҳидикылеит ҳхаҭарнак Елбакиев Алан Мухарбег-иԥа. Ҳазлацәажәаз аусқәа рацәоуп. Еицаҳзеиԥшу аусқәа ҳанрылацәажәо алҵшәа маиурц залшаӡом. Уи аҵараиурҭа аганахь ала, акультура аганахь ала. Сара ауниверситет ахьӡ ала ауп сышцаз, аха ауаажәларратә усқәа ирацәаны срыдҳәалоуп азы, ахырхарҭақәа зегьы ицәгьамкәа ҳаицрылацәажәеит ҳәа сгәы иаанагоит. Даргьы даара гәахәас иҟарҵеит аԥхьаҟатәи ҳусқәа рзы ҳазлацәажәаз азҵаарақәа.

- Иааидкыланы, Аахыҵ-Уаԥстәыла ижәбаз-ишәаҳаз ахә шԥашәшьеи?

— 2008 шықәса анаҩс, аибашьра ашьҭахь, изныкымкәа иҩынтәымкәа аделегациақәа срыцны сцахьан. Усҟан иаҳбози, уажә иаҳбази зынӡа еиԥшӡам. Уахь уназго амҩа даара ибзианы ишьақәдыргылеит, аинфраструктура еиҳа еиӷьхеи. Аибашьра ашьҭақәа умбо аҟынӡа инаргахьеит Аахыҵ-Уаԥстәыла Цхинвал ақалақь. Атеатр аиҭашьақәыргылара лассы иалгоит, даара иԥшӡоуп, адәахьала ҳадыԥшыланы иаҳбеит. Ҿыц шьаҭанкыла идыргылеит дара руниверситет, макьанагьы ашә аартӡам, аха ҳнаганы иаҳдырбеит, ԥшьеихагылакны иҟоуп. Аԥсҭазаара арыӷьарахь игьежьны, хәыҷы-хәыҷла ашьақәгылара иаҿуп иахьа. Иаҳбаз-иаҳаҳаз даара агәахәа ҳнаҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0