Шьамтәыла арратә мчқәа атәыла маҷ-маҷ ахы иақәиҭыртәуеит

© REUTERS / Erik De CastroБойцы Сирийских демократических сил празднуют победу над группировкой ДАИШ, запрещенной в России, в сирийской Ракке
Бойцы Сирийских демократических сил празднуют победу над группировкой ДАИШ, запрещенной в России, в сирийской Ракке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи ар рҟны ишьақәдырӷәӷәеит атәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы атеррористтә гәыԥ ИГИЛ анапаҿы иҟаз ақалақь Аль-Букемаль рнапахьы аагара.

АҞӘА, абҵара 9 — Sputnik. Шьамтәыла аҳәынҭқарратә ар рҟны ишьақәдырӷәӷәеит атәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы атеррористтә гәыԥ ИГИЛ анапаҿы иҟаз ақалақь Аль-Букемаль рнапахьы аагара. Ари арегион аҟны атеррористтә гәыԥқәа зегьы ахцоуп уажәшьҭазы.

Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Шьамтәылатәи ари иара иадгыло амчрақәеи еицхырааны ақалақь Аль-Букемаль (апровинциа Деир-ез-Зор) инагӡаны ахы иақәиҭыртәит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0