Аибашьраҿы иҭахаз Ефқан Цыба дыргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЕфкан Цыба
Ефкан Цыба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ҳџьынџьуаҩ Ефқан Цыба, есышықәса, Ҭырқәтәыла игәалашәаратә мшы азгәарҭоит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар иатәу аԥсуа қыҭа Џьгьарда дыргәаладыршәеит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, Шрома иҭахаз Ефқан Муаффак-иԥа Цыба. Сақариеи Сҭамбыли аԥсуа Дернеқьқәа рҟнытә 50-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуаа, аибашьҩы иҳаҭгәын ахь инеит. Аԥсылман дин инақәыршәаны, имҩаԥган аусеиҿкаарақәа жәпакы.

Ефқан Цыба иашьеиҳабы Ҳақан иаҳзеиҭеиҳәеит, 1992 шықәсазы, Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа анрыларҳәа, 117-ҩык ҳџьынџьуаа хатәгәаԥхарала рыԥсадгьыл гәакьа ахьчара ишазгылаз. Урҭ рахьтә хәҩык Баҳадыр Абаӷбеи, Ведаҭ Кәаӡбеи, Зафер Аргәыни, Аслан Ҳанефи, Ефқан Цыбеи Аԥсны рхы ақәырҵеит.

Ефкан Цыба - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аԥсҭбара: Ефқан Цыба игәалашәара

Ҳақан Цыба иҳәеит, иашьеиҵбы Аԥсныҟа дышцоз иҭаацәа ишырзымдыруаз. Иаразаҵәык иакәын згәы зҽаниҵаз.

"Ефқан ауасиаҭ нижьит, Аԥсны дҭахозар, уаҟа анышә дамардарц. Арыцҳара аныҟала, ҳан лгәы иазымчҳаит, сашьа Ҭырқәтәылаҟа иԥсыбаҩ ааҳгеит" — ҳәа игәалаиршәоит Ҳақан.

Ефқан Цыба данҭаха, аибашьҩы Ведаҭ Кәаӡба, Гәдоуҭа аԥсыжырҭаҟны анышә ԥиҟеит иҩыза изы, аха Ҭырқәтәылаҟа дыргеит ҳәа шиаҳазгьы, аимаԥсара дахьымӡеит.

Хара имгакәа, Ведаҭгьы аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит. Инапала иԥиҟаз анышәгьы наӡаӡа изқәаҭыԥхоит.

Ефқан Цыба данҭахоз 23 шықәса ракәын ихыҵуаз. Далан Шамиль Босаев игәыԥ. Ианашьоуп Леон иорден.

Аибашьҩы дыргәаладыршәарц аҳаҭгәын ахь иааит ҳџьынџьуаа, аибашьра аветеранцәа Ерџьуманҭ Лазариеи, Шамиль Ешбеи.

"Ахаан ҳџьынџьдгьыл аҟны еибашьра ҟамлааит. Адунеи иқәынхо аԥсуаа зегьы ҳаибабартә, ҳаԥсадгьыл ахь ҳхынҳәыртә еиԥш иҟалааит", — рҳәоит дара.

Аԥснытәи ҳгәыԥ, Гагратәи ажурналистцәа Лиудмила Сергьегьиеи, Зарина Коӷониеи сареи агәалашәаратә усмҩаԥгатә ҳалахәра лыбзоуроуп, Сақариа аԥсуа Дернеқь аҟны еиҿкаау аҳәса Рхеилак ахантәаҩы Иуџьаль Сергьегьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0