Аспорт азы Аҳәынҭеилакы абиуџьет 2018 шықәса рзы еиҵатәхоит

© Fotolia / Dmitry VereshchaginШтанга
Штанга - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы аспорттә уснагӡатәқәа рынагӡаразы абиуџьет 2018 шықәса рзы еиҵатәхоит.

АҞӘА, абҵара 15– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы аспорттә уснагӡатәқәа рынагӡаразы абиуџьет 2018 шықәса рзы еиҵатәхоит. Иара убри аан иолимпиатәым аспортхкқәа рԥаразоужьра аанкылахом, уи азы цәажәарагьы ыҟам, иҳәеит Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы астатс-маӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-Осман-оглы.

"Арҭ аспортхкқәа рыдгылара ахаан мап ацәаҳамкыцызт, иагьацәаҳкуам. Ареспубликаҿы зынӡаск аҿиара рымоуп 20 спортхкы. Урҭ рҟынтәи иолимпиатәым аспортхкқәа рылагьы ирацәаҩуп зҽазыҟазҵо ауаа. Убри азы ахаангьы арҭ аспортхкқәа рԥаразоужьра аанкылатәуп ҳәа цәажәара ҟамлацт. Аилак анапхгарагьы уи алнаршом", — иҳәеит Кара-Осман-оглы.

Иагьациҵеит иҟоу ацәажәарақәа зыхҟьо аилак абиуџьет иахьагырхахо шакәу, аха уи анҭыҵтәи ауснагӡатәқәа шракәу ирыҵаркуа.

"Абиуџьет шыркьаҿхо атәы иаразнакы ирылаҵәеит. Иахылҿиааит ацәажәарақәеи агәаанагарақәеи. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ареспубликаҿы иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа уадаҩ. Убри инадҳәаланы атәыла анапхгара рпозициагьы адгылара аҳҭоит", — иҳәеит иара.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аспорт иазку ажәақәа бзианы ижәдыруама?

Кара-Осман-оглы иазгәеиҭеит аԥсуа спортсменцәа алшара бзиақәа шрымоу, ақәҿиарақәагьы шаадырԥшуа. Аолимпиатә спортхкқәа рахь иалам егьырҭ аспортхкқәа рҿгьы Аԥсны ахьӡ ҭызго аспортсменцәа ҳамоуп.

Идрис Кара-Осман-оглы иҳәеит еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аилак абиуџьет 18 миллион инаркны 28 миллион рҟынӡа артәон. 2018 шықәса рзтәи абиуџьет иартәо еилкаахоит Аминистрцәа Реилазаара атәыла абиуџьет анрыдыркылалак ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0