Гаграа рхатәы мчла рықалақь дырԥшӡоит

© Sputnik / Саида ЖибаЖители Гагры во время субботника
Жители Гагры во время субботника - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақьуаа гәыԥҩык, рхала амҩақәеи амшын аҟәареи дрыцқьоит, аҵлақәа еиҭарҳауеит. Зегьы ирзеиԥшу аус аҿы егьырҭ аҳаблақәа рынхаҩцәагьы дара ирҿыԥшып ҳәа игәыӷуеит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, Гагра ақалақь, Ҷанба имҩаҟны инхо ауааԥсыра, рхатәы мчла, амшын ахь ицо амҩеи, аҟәареи реиҿкаареи ррыцқьареи рзы аусурақәа мҩаԥыргоит. Есышықәса, амҩа авара еиҭарҳауеит апальмақәеи, абанантәи, аҷандартәи аҵлақәа. Амшын аҟәара иқәыргоит абзазаратә гәамсам.

© Sputnik / Саида ЖибаЖители Гагры во время субботника
Жители Гагры во время субботника  - Sputnik Аҧсны
Жители Гагры во время субботника

"Ҷанба имҩа, ақалақь маҷк иалгоуп, аха уеизгьы, аԥхынтәи аамҭазы, шәҩыла асасцәа, ԥсшьарҭа ҭыԥс иалырхуеит. Изаҳӡарызеи, жәашықәсала, ҳасасцәеи ҳареи иҭаԥҽыз, абардра зхысны иҟаз амҩала аԥшаҳәахьы ҳцон. Аха аҭыԥантәи аԥшьгаҩцәа рыбзоурала, араион Ахадара ацхыраара ҳарҭеит амҩа аиҭашьақәыргылареи, алашарбагатә шьаҟақәеи рнагараҿы. Уи анаҩс, ҳара иҳаӡбеит, амҩеи амшын аԥшаҳәеи реиҿкаара. Араҟа, есышықәса аҵлақәа еиҭаҳҳауеит. Лассы-лассы иқәаҳгоит агәамсам", — ҳәа азгәалҭеит Ҷанба имҩаҟны инхо, аԥшьгаратә гәыԥ иалоу Иулиа Агрба.

Арҭ аусурақәа реиҿкааҩцәа изларҳәо ала, рхатәы харџьла акурорттә сезон аламҭалаз ишьақәдыргылеит аҽеиҭакырҭақәа, аха уажәааигәа ишьҭыҵыз амшын ацәқәырԥа иагеит акәымзар.

ветеран ОВНА Батал Чкотуа - Sputnik Аҧсны
Баҭал Чкәотуа: ҳабжамҽамзаргьы, ҳаԥсадгьыл аҟны ҳанхоит

Иааиуа ашықәс азы, дара иргәиҭоуп, ашьышьмеи, аҽыкәабарҭақәеи, аҽеиҭакырҭақәеи еиҳа ишәарҭадоу аҭыԥ аҟны рыргылара.

Аԥхынтәи аамҭазы, Гагра ақалақь ахәбатәи аиланхарҭа амшын аԥшаҳәаҟны аус руеит еиуеиԥшым акаҳуажәырҭақәеи ахәҳаахәҭратә ҭыԥқәеи. Аха аԥшәмацәа аӡәырҩы, акурорттә сезон ашьҭахь арҭ аргыларақәа хырҩаа рырымҭеит. Аԥшеи амшын ацәқәырԥеи ааха зырҭаз ахыбрақәа ирыцрыҵыз агәамсамгьы, Ҷанба имҩа анхацәа ақәгара рықәшәеит. Иара убас, аԥхасҭа ӷәӷәа рырҭоит, хылаԥшрада амшын аҟәара иавоу арахә. Дара еиҭаҳау аҵиаақәа ықәырхуеит.

"Ҳара ҳхала, арҭ аусурақәа зегьы реиҿкаареи рымҩаԥгареи хцәыцәгьоуп, ааигәа Лакобеи, Лакрбеи рыхьӡ зху амҩақәа рҟны инхо ҳгәылацәагьы аҳәара раҳҭоит, аԥшьгара аарԥшны иҳавагыларц. Ҳхазы мацара акәӡам, зегьы иаҳзеиԥшу аус ауп ҳазҿу. Аиҳарак ҳхы зланыҟәаҳго акурорттә сезон ала ауп, ус анакәха, шәааи, излаҳалшо ала ҳабзазара еиӷьаҳтәып. Ишәымдыруеи, ҳасасцәа шаҟантәи абнара ҳааганы ҳабалашәҵеи ҳәа ишҳақәымчхьаз. Убри аҩыза ҟамларц азы, аӡәк еиԥш ҳаидгылап, ҳаицхыраап", — рҳәоит Ҷанба имҩаҟны инхо.

Иван Балин имаругақәа - Sputnik Аҧсны
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин

Гагра араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба, хаҭала дааны аиҿкааратә усурақәа знапы алаку зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара убас агәра диргеит, атехника ҷыда азалԥшаареи, иааиуа акурорттә аамҭазы, амшын аԥшаҳәаҟны ишьақәдыргылараны иҟоу аҭахрақәеи рҟны ацхыраара шриҭо.

Иара убас, аобектқәа хылаԥшрада инзыжьыз ргәы рҽаниҵеит, ҩаԥхьа араҟа аусура ргәиҭазар, ирыцрыҵыз агәамсам ықәыргарц. Арахәқәа рыԥшәмацәа ракәзар, ахкаара иҭарҵарц рабжьигеит, акәымзар даҽакала ишрызнеиуа иҳәеит.

© Sputnik / Саида ЖибаЖители Гагры во время субботника
Жители Гагры во время субботника  - Sputnik Аҧсны
Жители Гагры во время субботника

 

Ажәабжьқәа зегьы
0