Ҳаџьымба: Кавказ акультуратәи аҭҵаарадырратәи еимадарақәа рыӷәӷәатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Хаджимба
Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афорум "Кавказ аглобализм аконтекст аҿы " хықәкны иамоуп Аԥсни Нхыҵ Кавкази еицырзеиԥшу акультура-информациатәи агуманитартәи ҵакырақәа раԥҵаразы амеханизмқәа рылацәажәареи рышьақәыргылареи. Афорум мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 17 рзы.

АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҿыц аамҭа ицәырнагоит аҿыц ҭахрақәа. Аглобализациатә процессқәа инарықәыршәаны иахәҭоуп Аԥсни Нхыҵ Кавкази еицырзеиԥшу акультура-информациатәи агуманитартәи ҵакырақәа раԥҵаразы амеханизмқәа рылацәажәареи, рышьақәыргылареи, рырҭбаареи иҳәеит Афорум "Кавказ аглобализм аконтекст аҿы"  Рауль Ҳаџьымба иқәгылараан.

"Аҟәа иахьа имҩаԥысуа афорум хықәкы хаданы иамоуп иаку акультура-информациатә ҵакыра аԥҵара, атолеранттә уаажәларратә хдырра аиҿкаара", — иҳәеит Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит иахьа Аԥсни Нхыҵ Кавкази реимадарақәа ашьақәгылара ишаҿу, уи азы ишахәҭоу аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа рҽазышәарақәа реидкылара.

Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Аԥсны азыхиоуп Урыстәылатәи Афедерациа аекономика аус ацура

Атәыла Ахада иқәгылараан иазгәеиҭеит аҭоурых гәынкылара кавказтәи акзаара аҳәаақәҵаразы аҭыԥ ҷыда шааннакыло, шәышықәса, зқьышықәса раԥхьа аҭыԥ змаз аҭоурыхтә хҭысқәа ракәзаргьы, аҭынчра еимырбӷьыжәаауа иахьанӡа рныҩбжьы шгауа.

2018 шықәса рзы ареспубликаҿы иазгәарҭараны иҟоуп аиубилеитә рыцхәқәа ҩба: Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз Аиааира 25 шықәса ахыҵреи, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 10 шықәса ахыҵреи иҳәеит Ҳаџьымба.

"Сынтәа, Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны иҟазаара аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит аҩ-тәылак реиҩызаратәи рстратегиатәи еимадара. Путин иҟазаараан иҳәеит аҵак ду змоу ажәақәа: "Урыстәылеи Аԥсни иҷыдоу аизыҟазаашьақәа рымоуп"" ҳәа.

Афорум рҽаладырхәит Аԥсни Урыстәылеи рыҭҵаарадырратәи, рексперттәи, раналитикатәи еилазаареиԥш акультура, аҵарадырра русзуҩцәа, аполитикеи абизнеси рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0