АҞӘА, абҵара 21– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә хәҭа 25-шықәса ахыҵра амшныҳәа мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 20 рзы.
Аҳәаахьчаратә усбарҭа аԥҵан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан, 1992 шықәса абҵара 20 рзы, акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба идҵала. 120-ҩык асолдаҭцәеи 30-ҩык аофицарцәеи рыла ишьақәгылаз аотриад напынҵаны иаман аӡиас Ԥсоу аҟны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара.
"1995 шықәса рзы иаԥҵан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" уи нахыс аҳәаахьчаҩцәа абри аганахьгьы аусура иалагеит", — иҳәеит аотриад аиҳабы, Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Нодар Чачхиани.
2008 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аҳәынҭқарратә ҳәаа аԥсуа-қырҭуатә хәҭа ахьчара ахәҭак Урыстәылатәи аҳәаахьчаратә усбарҭа анапаҵаҟахь ииасуеит.
"Ҳаивагыланы аҳәаа еицаҳахьчоит", — иҳәеит Чачхиани.
Нодар Чачхиани Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә хәҭа аусзуҩцәа иранеишьеит амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, ачынқәа.
Аныҳәатә еиԥылараан еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит ахәыҷтәы хореографиатә гәыԥ "Кавказ".