АҞӘА, абҵара 22 — Sputnik. Владимир Путини Дональд Трампи уаанӡатәи реиқәышаҳаҭрала ҭелла еицәажәеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Литва Кремль апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Путин иҳәеит, Астанатәи аформат аантәи аицәажәарақәеи еицыҟаҵаз Аҳәамҭеи, абҵара 11 рзы Виетнам имҩаԥысуаз афорум "Азиа-Аокеанҭынчтәи аекономикатә усеицура" асаммит аҟны Урыстәылеи Америкеи рхадацәа ззеиқәышаҳаҭхаз Аҳәамҭеи инарықәыршәаны Шьамтәыла аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара аус аӡбра дшазыхиоу", — ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура, иагьазгәанаҭоит абри аҳәамҭа Мрагылара ааигәатәи арегион аҟны агәахәара шыҟанаҵаз.
Атәылақәа рхадацәа инаҵшьны иазгәарҭеит Шьамтәыла асуверинитети, ахьыԥшымреи аҵакыратә акзаареи шеиқәырхатәу, шьамтәылаҩныҵҟатә еиҿцәажәарақәа процесс амҩаԥысраан изызнеираны иҟоу аполитикатә ҭышәныртәалара апринципқәа ишрықәныҟәалатәу.
Путин Трамп изеиҭеиҳәеит Башар Асади иареи реиԥылара алкаа хадақәа ртәы. Аиԥылараан шьамтәылатәи алидер ишьақәирӷәӷәеит аполитикатә процесс, аконституциатә реформақәа, апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгара дышрыдгылаҩу.
Уи адагьы азхьаԥшра аҭан абҵара 22 рзы Шәача имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла, Иран, Ҭырқәтәыла рхадацәа реиԥылара. Аиԥылараан ирылацәажәараны иҟоуп Шьамтәыла аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалараз ԥхьаҟатәи ашьаҿақәа.
Аганқәа иара убасгьы иалацәажәеит Кореиатәи адгьылбжьахаҟны иҟоу аҭагылазаашьа, адипломатиа ахархәарала апроблема аҭышәныртәалара еиҳа хра аманы ишыҟоу азгәаҭо.
Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәо Путин иҳәеит минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа макьаназы альтернатива рыманы ишыҟам.
Трампи Путини иара убасгьы иалацәажәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы атеррористтәи анаркотикатә шәарҭара еиҳа-еиҳа иахьыҳаракхо Афганисҭан азҵаара. Ирҳәеит уи агәҭынчымра шрызцәырнаго. Уи адагьы иалацәажәан ирантәи аиадертә программа акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа.
Кремль апресс-маҵзура адыррақәа рыла атәылақәа рыҩбагь рхадацәа реицәажәара "аусутә ҟазшьеи аҵак дуи" аманы иҟан ҳәа азырҳәеит.