Гагра дыргәаладыршәеит Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа

© Фото : из архива семьи ЧичбаЧичба Алексей Чантович и Баграт Ахматович Багателия
Чичба Алексей Чантович и Баграт Ахматович Багателия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор, Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" 50 шықәса напхгаҩыс иҟаз, Жәлар рмилаҭ хақәиҭратә қәԥара иалахәыз, апатриот ду, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Гагратәи акультуратә хан аҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Агәалашәаратә хәылԥазы аартын, апоетесса Белла Барцыц, Баграт Багаҭелиа изкны илҩыз, "Кьараз" захьӡыз ажәеинраала аԥхьарала. Анаҩс, еизаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит, амузыкант. Ахәылԥаз иалагӡаны, Баграт Аҳмаҭ-иԥа изкны Владимир Мироненко иҩыз апоема маҷ "Аԥхьарца" даԥхьеит Самаратәи атеатр актриса Владлена Широкова.

Асценаҟны раԥхьаӡа акәны аҟазаратә школ аҟны еиҿкаау ахәыҷтәы хор "Аӡыхь" жәлар ринструментқәа арҳәауа, инанагӡеит, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Леонид Уанаҿа, Баграт Багаҭелиа изкны иҩыз ашәа. Афортепиано аҟны иадырҳәеит акомпозитор иаԥҵамҭақәа "Алафашәа", "Аҿар рыкәашара" уҳәа.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа Лӡаа ақыҭан иаԥҵаны имоу ансамбль Аԥхьарца - Sputnik Аҧсны
Даур Ԥарулуа: ҳбызшәеи ҳкультуреи еивагыланы ицалароуп

Иара убас, жәлар ринструментқәеи, афортепианеи, аскрипкеи рҟны инарыгӡеит егьырҭ, Аԥсны еицырдыруа акомпозиторцәа рырҿиамҭақәагьы. Аҟазаратә школ арҵаҩцәа ракәзар, амузыкатә композициа "Шьышь нани" нарыгӡеит. Афольклортә ансамбль "Кьараз" ахәаԥшцәа дыргәырӷьеит акомпозитор ду ирҿиамҭақәа жәпакы рыла, дара раԥхьаӡа акәны асценаҟны ирҳәеит Баграт Аҳмаҭ-иԥа иҩыз ашәа "Аԥхьарца".

Еизаз идырбан, Гагратәи ателехәаԥшра иазнырхиаз, архив аҟнытә иаагаз, Баграт Аҳмаҭ-иԥа аҵыхәтәантәи иҿцәажәара. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, афольклортә ансамбль "Кьараз" арежисиор-ақәыргылаҩ Ахра Смыр ажәахә ҟаҵо иазгәеиҭеит, акомпозитор иҟамзаара акырӡа ишырныԥшуа, аха дара уи ихьӡ ахаан идырӡӡом, иааԥсара еихаҳаны ԥхьаҟа иргалоит.

"Аҟазара зшьа иалаз Багаҭелиаа рҭаацәара, иззымдыруаз дыҟамызт. Баграти иашьа Едраҭи асценаҟны ианеицықәгылоз, Аԥсни уи анҭыҵи ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт. Баграт Аҳмаҭ-иԥа ихатә ԥсҭазаараҟны агәаҟрақәа ихигахьан, машәырла диԥхеит иԥҳазаҵә. Аха ҳара иҩызцәа, ибзианы еилаҳкаауан, иара иеиԥш иҟоу аҟаза, амузыка дацәыӡар шыҟамлоз. Убасҟан, згәы каҳаз Баграт Багаҭелиа иԥсҭазаара аҟазарахь иааҳарҳәит. Сара иразҟы дуны исԥхьаӡоит, Баграт Аҳма-иԥа дырҵаҩ дуны, зегь рыла дҿырԥшыганы дахьсымаз", — иҳәеит артист.

60-тәи ашықәсқәа инадыркны, Баграт Багаҭелиа ирҿиараҿы аҭыԥ ду аннакылеит Гагра. Абраҟоуп иахьиз иреиӷьу иашәақәа, асахьаркыратә коллективқәа. Апоет Валери Дауҭиа 40 рҟныӡа иажәеинраалақәа ашәақәа рылиххьан.

Агәалашәаратә хәылԥазы иалахәыз апоетесса Белла Барцыц дазааҭгылеит, акомпозитори лареи русеицура атәы.

"Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гагра рымҽхакны ианыҟаз, Баграт Аҳмаҭ-иԥа амилаҭ хақәиҭратә қәԥара дшалаз дырны, ҳаӷацәа дҭаркит. Сара абахҭахь неишьа сымамызт, аха издыруаз урыс ԥҳәыск, буханкак ача лыҭаны дысшьҭит, уаҟа игәыласҵеит "Ԥсоу уҷкәынцәа" ҳәа изҩыз ажәеинраала зныз ақьаад. Гагратәи абахҭа аҭыӡқәа рҟноуп, Баграт Аҳмаҭ-иԥа игәаҟны арҭ ацәаҳәақәа музыкала иахьеиқәиршәаз", — илгәалалыршәоит апоетесса.

Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа

Баграт Багаҭелиа игәалашәаратә хәылԥазы аҟны, рҟазара аадырԥшит ахәыҷтәы акәашаратә коллективқәа "Афырҭыни", "Гагрыԥшьи".

Гагра ақалақь аҿы, Баграт Багаҭелиа акыр шықәса амузыкатә школ напхгара аиҭон. Иаԥҵаны иман амузыкатә-хореографиатә еилазаара. Баграт Аҳмаҭ-иԥа еиҿикааит, напхгарагьы риҭон абас еиԥш иҟаз ансамбльқәа "Аураашьа", Гагратәи ақалақьтә хор, Бзыԥҭатәи ахәыҷтәы хор "Мамзышьха", ансамбль "Афырҭын", Багаҭелиа рҭаацәаратә ансамбль "Ԥсоу", Гагратәи алицеи-интернат арԥарцәа рхор "Цандрыԥшь". Аха зегьы ирылукааратәы иҟоуп, 1965 шықәса инаркны зеиҿкаара нап аиаркыз афольклортә ансамбль "Кьараз".

Уи иалахәыз аибашьреи, аџьеи рветеранцәа Гагра араион аҟны аҳаҭыр ду зқәыз уаан.

Акомпозитор иаԥиҵахьеит хышә инареиҳаны ашәақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Радеда", "Шьардаамҭа", "Инаԥҳа Кьагәа", "Нарҭаа рзы ашәа", "Азар", "Аиба иашәа", "Аҭаҳмада қабада", "Аӡиа Риҵа", Аԥсны азы ашәа", "Ан лмыткәма", "Шьышь нани", "Гагратәи абааҭа", "Ԥсоу уҷкәынцәа" уҳәа. Ахәыҷқәа рзы иҩхьаз шәкы иреиҳауп.

Баграт Багаҭелиа ирҿиараҿы иҟоуп аромансқәа, афортепиано азы апесақәа, акантатақәа, иуԥылоит акамертә ансамбль, аԥсыԥтә оркестри, аскрипкеи рзы аԥҵамҭақәа. Дара шьаҭасгьы ирымоуп жәлар рмелодиа. Иахьа иԥшаара уадаҩуп, иара иеиԥш иҟоу, ажәлар рашәақәа здыруа, изныруа, аха аамҭа иаратәи ҟанаҵоит. Агәра ҳгоит, аԥсуа ҟазара дшазгыло, амузыкант ду ивҟәало арҿиаҩы.

Гагратәи ансамбль Афырҭын Гран-При иаԥсахеит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи ансамбль "Афырҭын" Гран-При иаԥсахеит

Агәалашәаратә хәылԥазы иаҭааз Аԥсны Жәлар рартист иуацәеи иҭынхацәеи, аус ицызуаз иҩызцәеи, иҵаҩцәеи, Гагра араион Ахадареи, анаплакқәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәеи, ауаажәларреи, аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит, ҳмилаҭ цәаҩа змоу акомпозитор ирҿиамҭақәа аҩаӡара ҳаракыла иахьӡырырго азы.

"Баграт Багаҭелиа иџьабаа ахаангьы ахә узшәом. Иара ибзоурала, иахьа уажәраанӡа еиқәхоуп ҳфольклортә музыка. Сара сгәы иалоуп, акомпозитор иԥсы анҭаз лассы-лассы аиԥыларақәеи, аиҿцәажәарақәеи ахьымҩаԥаҳамгоз. Аха ауаҩы дануцәыӡуа ауп еиҳа дызԥсаз еилукаауа уаналаго", — лҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Гыцба.

Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа иԥсҭазаара далҵит абҵара 8, 2015 шықәсазы, 85 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0