Ҳаџьымба: Қырҭтәыла Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аӡбрақәа ирҿагылоит

© Фото : presidentofabkhazia.orgПрезидент Республики Абхазия Рауль Хаджимба принял Сопредседателя Женевских дискуссий по безопасности и стабильности в Закавказье от ООН Анти Турунена
Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба принял Сопредседателя Женевских дискуссий по безопасности и стабильности в Закавказье от ООН Анти Турунена - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы ООН аҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа Рыцхантәаҩы Анти Турунен. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.

АҞӘА, абҵара 22– Sputnik. Рауль Ҳаџьымба аиԥылараан иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ихадоу азҵаарақәа рацәаны ишрылацәажәо, урҭ рахьтә ирыӡбахьоу шыҟоугьы, аԥхьаҟа ишьҭоу аусура шмаҷым.

"Зынагӡара иаҿу аусқәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшып ҳәа агәыӷра сымоуп. Урҭ ирыдырҵо аџьабаа амҽхак дууп", — иҳәеит Ахада.

Иара убри аан Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит ақырҭуа ган ҳара ҳзы акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбара аҿагылара ӷәӷәа шарҭац ишарҭо.

"Макьана имҩаԥгатәу аусқәа рацәоуп, ҳазқәу амҩа хароуп", — иациҵеит Ахада.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Даур Ақаҩба: Женева ирылацәажәан Аԥсны азы аҵакы зманы иҟаз азҵаарақәа

Анти Турунен иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа имарианы ишымҩаԥымсуа. Уа ирылацәажәоит акрызҵазкуа азҵаарақәа рацәаны, иаҳҳәап, акультуратә ҭынха ахьчара, архивқәа рымдара, аекологиатә зҵаарақәа, аха зегь реиҳа ихадоу зҵаараны иқәгылоуп амч ахамырхәара азҵаара.

Уи иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы ԥхьацара шыҟоугьы, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчараҟны, адокументқәа реиҭныԥсахлараҟны, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараҟны иззааиз шырацәоугьы, ауадаҩрақәа маҷымкәа ирыцуп.

Анти Турунен инаҵшьны иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу адиалогқәа рҟны ихадароу аҭыԥ шааныркыло Кавказтәи арегион зегь аҟны аҭынчра аиқәырхареи, иара убасгьы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи азҵаарақәа.

"Сара Женеватәи аиҿцәажәарақәа срыцхантәаҩуижьҭеи быжь-шықәса ҵуеит. Избоит ари аамҭа иалагӡаны Аԥсны иҵоуроу аҿиарамҩа ишану, ҷыдала иааугозар, асоциалтә хырхарҭаҟны, аекономикеи аинфраструктуреи русхкаҟны аҭагылазаашьа шеиӷьхаз", — иҳәеит иара.

Анти Турунен иара убасгьы иацҵо иҳәеит ООН аструктурақәа иеиуеиԥшым азҵаарақәа, ҷыдала иааугозар – аҵареи, адокументациеи уб.егь., наҟ-наҟгьы ацхыраара арҭарц ргәы ишҭоу.

Амилаҭқәа рхан. Женева. - Sputnik Аҧсны
Қырҭтәыла агәы иҭоуп Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра Женева алацәажәара

Ари аиԥылара Анти Турунен ООН аҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа Рыцхантәаҩык иҳасабала ҵыхәтәантәи еиԥылароуп. Убри инамаданы иара иҳәеит:

"Иҭабуп сара хаҭалеи, снапы иану адҵақәа рҟни, аус сыцызуа зегьи ирзыҟашәҵо адгыларазы. Сара сышьҭахь иааиуа ацхантәаҩгьы абас еиԥш адгылара ишәҭап ҳәа агәыӷра сымоуп", — иҳәеит Анти Турунен, Ахада иҭабуп ҳәа иаҳәо.

Рауль Ҳаџьымбагьы Анти Турунен иҭабуп ҳәа иеиҳәеит уи инаигӡоз аусмҩаԥгатәқәа рзы. Аха иажәақәа ирыцҵо иҳәеит зҵаарақәак рганахьала ауадаҩрақәа шыҟоу, урҭ рыӡбара ишаҿу.

"Шьҭахьҟа амҩа ыҟаӡам. Адунеи зегьы аҽаԥсахит. Ҳаизыҟазаашьақәагьы ахырхарҭа ҿыц ала иҳарҿиалароуп", — иҳәеит инаҵшьны Аԥсны Ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0