Анела Лакашьиаԥҳа лзы аԥареизгара аҭахуп

Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" ихацнаркит 12-шықәса зхыҵуа Анела Лакашьиаԥҳа аоперациа лзуразы аԥареизгара. Еизгатәуп 400 000 мааҭ аԥара. Аоперациа мҩаԥыргараны иҟоуп Москватәи аклиникақәа руак аҟны.

Бадри Есиава, Sputnik.

Анела лан – Марина Лакашьиаԥҳа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит аӡӷаб лчымазара аҭоурых. Анела лчымазара лыциит: ҵаҟатәи лҿыҵа кьаҿны диит. Аӡӷаб деизҳацыԥхьаӡа игәнылго далагеит илымоу акьыл, иҟалалон лхы дзазымиааикәа дтәаны данҵәыуалоз. Усҟан аԥсихолог лроль лхахьы илгар акәын ан.

Анела Лакашьиаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥара еизгатәуп

"Даара иуадаҩын. Ишсылшоз ала слылабжьон. Маҷ-маҷ лҽанлыршәо далагеит", — лҳәоит Марина Лакашьиаԥҳа.

Аоперациақәа ҩба ҟарҵаанӡа аӡӷаб акрыфараҵәҟьа лцәыуадаҩын, мҳаҵәла акрылҿарҵон. Аоперациақәа рышьҭахь еиҳа еиӷьхеит лҭагылазаашьа, аха иҟаҵо зегьы хәарҭадахоит ачымазара аҵыхәтәанӡа ахәшәтәра мҩаԥгамхар.

Уажәы Афонд "Ашана" ихацнаркит 12-шықәса зхыҵуа Анела Лакашьиаԥҳа аоперациа лзуразы аԥареизгара. Еизгатәуп 400 000 мааҭ аԥара. Аоперациа мҩаԥыргараны иҟоуп Москватәи аклиникақәа руак аҟны 2018 шықәса рзы.

"Аҽа операциак ҟаҳҵароуп Москватәи ацентртә хәыҷтәы клиникаҿы. Аамҭа цацыԥхьаӡа аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа иуадаҩхоит", — лҳәеит ан.

Ашана зхылаԥшуа ахәыҷқәа хҩык: Анела Лакашьиа, Баграт Джобава, Аслана Џьинџьолиа - Sputnik Аҧсны
Ахәмарра зцәыӡу ахәыҷра

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, Анела илхылгаз аоперациа ашьҭахь лҭагылазаашьа еиӷьуп, аха анагӡараҟынӡа макьана имнеицт.

Лара илҳәеит аоперациа ахаҭеи, аппаратқәеи, аоперациашьҭахьтәи аиҭашьақәыргылареи рыхә миллионки 330 нызқь мааҭ шартәо, аха иахәҭоу аҟынтәи 70 % еизнагараны ишыҟоу Афонд "Ашана" апартниор "Русфонд". Аԥсны еизгатәны иҟоуп 399 000 мааҭ аԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0