Аминистр: ацәгьоура хьанҭақәа хылаԥшра ҷыда рысҭалоит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНаручники. Архивное фото.
Наручники. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АГТРК аҟны аԥшьаша, абҵара 23 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба ипресс-конференциа.

АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. АГТРК аҟны аԥшьаша, абҵара 23 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба ипресс-конференциа. Апресс-конференциаҟны аминистр иҳәеит ацәгьоура хьанҭақәа иҷыдоу ахылаԥшра шриҭало атәы.

"Атәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Уаанӡа Аԥсны имҩаԥысыз, макьаназы иаарԥшым ацәгьоура хьанҭақәа рхылаԥшра схахьы изгоит. Есымчыбжьа сара исоуеит аинформациа абри аганахь ала. Ауснагӡатәқәа еицымҩаԥыргоит аоперативтә ҟәшақәа, аусҭҵааратә органқәа, апрокуратура", — иҳәеит Аршба.

Гарри Аршба - Sputnik Аҧсны
Аршба: ацәгьоурақәа раарԥшра 70 процент инаӡоит

Аршба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟалеижьҭеи иаартуп ақәыларатә цәгьоурақәа ҩба, уаҩшьрак, аԥшаараз изышьҭаз 12-ҩык аанкылоуп, 17 ӷьычреи 2 қәылараки.

Гарри Аршба иазгәеиҭеит ақалақь аҩныҵҟа авидиорбагатә камерақәа рхыԥхьаӡара иацҵахоит ҳәа.

"Авидеокамерақәа мҩеихысырҭа-цыԥхьаӡа, мҩабжьагала-цыԥхьаӡа иҟазароуп. Аԥсны курорттә республикоуп. Аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭаразы авидеохылаԥшра аус ауазароуп", — иҳәеит иара.

Иахьатәи аамҭазы аҳҭнықалақь аҟны аус руеит авидеокамерақәа 15, аха урҭ азхоны ҳәа иҟам, иҳәеит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0