Аҧсуа музыка арҳәагақәа азҿлымҳара зуҭаша акоуп. Аҧсуа инструментқәа шьақәгылеит еицааиуа, еиуеиҧшым аелементқәа рыла. Урҭ ажәытәтәи аҧсуа аинҟьага, аҿарпын, ашьамшьыӷ, абыкь, аҩымаа, ахымаа, аҧхьарца, иара убас иаланагалаз аинструментқәа – ачамгәыр, аҧандур, адаул, амырзакан, Кавказ ажәларқәа рыбжьара ажәытәгьы иҟаз акультуратә еимадарақәа зыршаҳаҭуа. Арахәыцтә арҳәагақәа рахьтә аҧсуаа иртәыҵәҟьоу ҳәа иҧхьаӡоуп аҩымааи аҧхьарцеи роуп.
Аҧхьарца иацырҳәон хадаратәла аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ақьабзтә ашәақәа, аҳәамҭақәа. Аҧхьарца адырҳәоит итәаны. Иазырҳәо, аинструмент иаҧхьаҟала ириашаны икуп, иарӷьа напы ала икуп алаба. Аҧхьарца ашәҵла иалырхуеит. Ажәытәан аҧхьарца амҟәыба мамзаргьы аӡахәа иалырхуан.
Аҩымаа ахархәара маҷны иамоуп. Ахәмарраан аҩымаа арӷьарахьтәи ашьамхы иқәуп, армарахьтәи анапала анота лаҟәқәа ргоит, арӷьарахьтәи ала – аҳаракқәа, иара иацырҳәон аҭоурыхтә, аибашьратә ашәақәа.
Абзтә-аҧсыҧтә инструментқәа рахьтә аҧсуаа еиқәдырхеит абыкь ҳәа изышьҭоу ажәытәтәи амузыкатә арҳәага. Уи араса амахә иалырхуан.
Аҧсыҧтә арҳәагақәа ргәыҧ ахьтә иахьатәи аамҭазы еиқәханы иҟоу аҿарпын ауп. Уажәы иара злырхуа аҟаб ахәҵәы, иара убас акакан, ахәырма рымахәқәа роуп.
Аҿарпын – ахьшьцәа рмузыка арҳәагоуп. Уи ала иадырҳәоит ахьшьцәа рнапы злаку аус иадҳәалоу амузыка, иара убас аркәашагақәа. Уажәы аҿарпын ала иадырҳәоит егьырҭ ашәақәагьы.
Аҧсуа музыка арҳәагақәа рахь иаҵанакуеит аҟьаҧҟьаҧ, аҷыжь, аинҟьага уҳәа.
Ашьҭыбжь зхылҵуа аинструментқәа рахь иаҵанкуеит адаул. Адаул иасуеит анацәкьарақәа рыла, анапсыргәыҵала. Адаул рхы иадырхәоит Аҧсны еиуеиҧшым жәлар рансамбльқәа рҿы.
1976 шықәсазы иҭыжьыз Инна Аҳашба лмонографиа "Аҧсны жәлар рмузыкатә инструментқәа" мацароуп иахьазы ажәытәтәи аҧсуа музыкатә инструментқәа рҭоурыхтә ҿиара аазырҧшуа, арахәыцтә, аҧсыҧтә, адаултә инструментқәа зеиҧшроу атәы инҭкааны еиҭазҳәо.